АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит арезервистцәа рхы шаадырԥшыз, рхатә усқәа шрымазгьы, аамҭа ԥшааны рхы ахьаладырхәыз, имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа рҵакы еилкаарыла иахьазнеиз, рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа гәцаракрыла иахьынарыгӡаз.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьар мчқәа Рыдҵҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба жьҭаарамза 12 рзы излагаз, жьҭаара 16 рҟынӡа имҩаԥысло Аԥсны Арбџьар мчқәа роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирызкыз Ашәарҭадара ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Ахада анхацәа иҭабуп  ҳәа реиҳәеит рааҧсаразы, аҿа-маҿа аныҳәа рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит ақыҭауаа рџьабаа атәыла шьаҭас ишамоу, ҳаԥсуара, ҳҵас, ҳкультура ахьчара,  ҳԥеиԥш аизырҳараҟны аҭыԥ ду шааннакыло.  
Аԥхьахә игеит Иури Ҳагәышь иҽы зырхәмаруаз аҽыбӷаҟаза Иури Кулинич иҽы.
Аԥсны Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба Арбџьар мчқәа рымш инамаданы имҩаԥгаз аныҳәатә еилатәара далахәын.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба анапхгараҭаҩцәа реицлабра «Аԥсны Акоманда» аҩбатәи ахәҭа афинал аихшьалақәа рыҟаҵара далахәын.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иира амш идиныҳәалеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит апроект аицлабра аформат ишеиҳахаз, ҟазарылеи ҭакԥхықәралеи зусура иазнеиуа абиԥара ҿа реидкыларазы акырӡа ишыцхыраагӡоу.
Аиԥылараан ирылацәажәан акоманда злахәыз инагӡоу, иҟалараны иҟоу апроектқәа, Иара убас Аԥсны аԥхьаҟатәи аҿиара азҵаара.
Р. Гумба ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы еиҿкааз Арҵаҩы имш азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылараҿы Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: