Ашәахьа, 26 Ажьырныҳәа 2026 15:40
Аԥсны Ахада Аԥсны Жәлар рартист Ақаҩба Валери ииубилеи идиныҳәалеит
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Аԥсны Жәлар рартист Ақаҩба Валери ииубилеи идиныҳәалеит.
▫️ «Ҳаҭыр зқәу Валери Михаил-иҧа!
▫️ Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра иазку аиубилеи.
▫️ Шәара шәыҧсҭазааратә мҩа зегьы аҟазареи Аҧсны акультуреи рымаҵ аура иазкуп. Абаҩхатәра змоу арежиссиор, иналукааша актиор иаҳасабала, амилаҭтә театр арҿиараҟны, ҳуаажәларра рестетикатәи рдоуҳатәи ҿиараҟны шәылшамҭақәа хәы рымамӡам. Шәара шәырҿиареи иҳараку шәыпрофессионализми шәколлегацәеи шәҵаҩцәеи реиҧш, ахәаҧшҩыцәагьы рганахьала изыҧсоу азхаҵара аиуит.
▫️ Шәара ииашаны Аҧсны Жәлар рартист ихьӡ ҳаракы шәыхҵоуп – уи ианыҧшуеит шықәсарацәала имҩаҧыжәго аусуреи шәтәылауаҩратә позициеи, ҳтәыла акультура ҭынха ду шәазыҟазаашьеи рзы ҳажәлар рыбзиабареи, ишәықәырҵо аҳаҭыри.
▫️ Акрызҵазкуа абри амш аҽны ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, ахирра. Шәааигәа иҟазааит есқьынгьы шәызҭаху, шәбаҩхатәра ҳаҭыр ақәызҵо, иҿыцу шәырҿиаратә гәҭакқәа рыҟнытә насыҧ змоу ауаа».
Аԥшьаша, 22 Ажьырныҳәа 2026 18:13
Бигәаа Беслан Џьапуа Баҭал ицәыргақәҵа «Нарҭаа рыҩны» аартра даҭааит
Асабша, 17 Ажьырныҳәа 2026 11:51
Ешба Беслан ақыҭа аҿиара иазкыз Аминистрцәа реилазаара аилацәажәара далахәын
Аԥшьаша, 25 Ԥхынҷкәын 2025 14:56
Ахада Ихаҭыԥуаҩ хатәгәаԥхаралтәи аибашьҩы иԥсыжра даҭааит
Аԥшьаша, 04 Ԥхынҷкәын 2025 16:38
Атәылахьчара аминистрраҟны имҩаԥысит Арбџьар мчқәа рнапхгаратә еилазаара аоператив-мобилизациатә еизгара
Аԥшьаша, 04 Ԥхынҷкәын 2025 16:23
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура Амш азгәаҭара далахәын
Асабша, 15 Абҵара 2025 12:54
А ԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ аруаа ҿыц аҭоуба рыдкылара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын
Амҽыша, 02 Абҵара 2025 21:12
Ахада Ихаҭыԥуаҩ аԥсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачаразы» аицлабра даҭааит
Ахәаша, 17 Жьҭаара 2025 17:30
Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа Гал ақалақь амш иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә далахәын
Ахәаша, 17 Жьҭаара 2025 12:55
Бигәаа Беслан апроект «Аԥсны шьапыла уалс» ахацыркра далахәын
Аԥшьаша, 18 Цәыббра 2025 17:51