АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Аԥшьаша, 22 Жьҭаара 2026 22:15
Бадра Гәынба Апполон Гәыргәлиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара далахәын
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Кәтол ақыҭан имҩаԥысыз иналукааша аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, еицырдыруа аԥҟаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым, аамҭаказы агәабзиарахьчара аминистрс иҟаз, Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахәбатәи ааԥхьара адепутат, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Гәыргәлиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Ахада гәалсра дула дрыдышшылеит Аполлон Гәыргәлиа иҭаацәа, иазгәеиҭеит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхаразы иибаз аџьабаа, иара убас агәабзиарахьчара ахырхарҭаҟны илагала.
Аполлон Гәыргәлиа иԥсҭазаара далҵит 74 ш. шихыҵуаз ихьуаз ачымазара хьанҭа иахҟьаны. Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара.
Аԥшьаша, 22 Жьҭаара 2026 21:42
Бадра Гәынба абаза поет, ауаажәларратә усзуҩ Муҳамед Огузов диԥылеит
Аԥшьаша, 22 Жьҭаара 2026 18:14
Бадра Гәынба ацәыргақәҵа "Шьалуа Инал-иԥа - ауаҩы-аҵарауаҩ даҭааит---
Иахьа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа диижьҭеи 110 ш. аҵра иазкыз ацәыргақәҵа даҭааит.
Аҳәынҭқарра Ахада изы аекскурсиақәа мҩаԥылгеит аҵарауаҩ иԥҳа, ауаажәларратә усзуҩ Арда Инал-иԥа.
Ацәыргақәҵаҟны иӡыргоуп Шьалуа Денис-иԥа иҭҵааратә усумҭақәа, имонографиақәа, инапылаҩырақәа, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, афотосахьақәа, ихатәы маҭәарқәа, имшынҵақәа, асалам шәҟәқәа, иоригиналтәу аҩыратә еицәажәарақәа, архивтә нҵамҭақәа, иара убас егьырҭ аматериалқәа иҭҵааратәи иуаажәларратәи усумҭақәа зныԥшуа.
Ахада ибеит ицәыргаз аекспонатқәа, урҭ ирныԥшуеит аҵарауаҩ ихаҭара, аԥсуа жәлар рқьабзқәа, ркультура, рҭоурых аҟны илагала, иара убас амилаҭтә хаҿра аиқәырхаразы аҭоурыхтә ҭынха аҵакы.
Ацәыргақәҵа иаҭааз Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Шьалуа Инал-иԥа иусумҭақәа рҵакы, ҳазҭагылоу аамҭазы ауаажәларреи еизҳауа абиԥарақәеи рзы аҭыԥ ҷыда шааныркыло.
"Ҳара ҳхы ҳаназҵаауа, аԥсуа ихымԥҩагашьа зеиԥшразаракәу, иарбан қьабзқәоу дзықәныҟәаракәу, ҳаԥсҭазаара аиҿкаашьа шыалыршатәу уҳәа ҳаназҵаауа, сгәы иаанагоит арҭ азҵаарақәа зегьы рҭакқәа Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа иҭоурыхтә усумҭақәа рыҟны иуԥшаарц ҟалоит ҳәа. Иара ишәҟәқәа, иҭҵаарақәа, иматериалқәа инарҵауланы ирныԥшуеит зегьы.
Шьалуа Денис-иԥа итҵааратәә ҭынха - ари милаҭтә мазароуп, ҳажәлар рзы хәы змам ҭынхоуп. Иара иусумҭақәа, иҭҵаарақәа аҵак ду рымоуп Аԥсназы, ҳҭоурых, ҳкультура, ҳбызшәа, ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхаразы.
Абарҭқәа зегьы хьчаны, еиқәырханы аԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирызнагазароуп. Аҳәынҭқарра ахықәкы - иазырхиоу аматериалқәа ркьыԥхьра, реиҭаҭыжьра, ҳҿар рнапаҟны ироуртә еиԥш. Ҳарҭ иаҳуалуп Шьалуа Денис-иԥа иҭҵааратә усумҭақәа реиқәырхаразы аҭагылазаашьа аԥҵара, ҳажәлар рымаҵ руртә, еизҳауа абиԥарақәа рзы ицхыраагӡаны иҟалартә ҳқьабзқәеи, ҳдоуҳатә мазареи аҵакы реилыркаара алыршахарц азы",-иҳәеит Ахада.
Аҩаша, 20 Жьҭаара 2026 20:09
Бадра Гәынба IV Жәларбжьаратәи Инал-иԥа иԥхьарақәа рыҟны дықәгылеит
Ашәахьа, 19 Жьҭаара 2026 21:46
Бадра Гәынба Олег Барцыц Москваҟа иусуратә ныҟәарақәа инарымаданы аилацәажәара мҩаԥигеит
Ашәахьа, 19 Жьҭаара 2026 19:34
Бадра Гәынба агәаҭара-аужьратә ҭыԥқәа русура аихшьалақәа дрыхцәажәеит
Ахәаша, 16 Жьҭаара 2026 13:26
Аҳәынҭқарра Ахадеи Ниута Федермессери апаллиативтә цхыраара аҿиара иалацәажәеит
Аԥшьаша, 15 Жьҭаара 2026 18:50
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла аусацуразы анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Андреи Емельианов дидикылеит
Ҷыдала, Бадра Гәынба Урыстәыла аусацуразы анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Андреи Емельианов дидикылеит.
Аԥшьаша, 15 Жьҭаара 2026 18:30
Бадра Гәынба Аԥсны Арбџьар мчқәа роператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа гәаиҭеит
Уа имҩаԥысит зымҽхак ҭбаау аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аибашьратә хысразы апрактикатә зыҟаҵарақәа. Аусмҩаԥгатәқәа иара убас дрылахәын аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.