АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Ашәахьа, 14 Цәыббра 2026 15:00
Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара анашьареи «Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзҩы» ҳәа ахьӡ ахҵареи рзы
▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара анашьареи "Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа ахьӡ ахҵареи рзы.
▫️ Амилаҭтә журналистика аҿиараҿы ллагала ду азы, шықәсырацәалатәи ламысцқьала лџьабаазы аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара ланашьоуп Иаковлева Лилиана Михаил-Иԥҳа.
▫️ Амилаҭтә журналистика аҿиараҿы ллагала ду азы, шықәсырацәалатәи ламысцқьала лџьабаазы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иланашьоуп Ҵәыџьба Заира Иасон-Иԥҳа.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ« ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьоуп агазеҭ «Республика Абхазия« аредакциа аусзуҩцәа:
* Акаба Лиудмила Михаил-иԥҳа;
* Алексеева Татиана Иури-иԥҳа;
* Габуниа Марина Дмитри-иԥҳа;
* Михаилиук Варвара Николаи-иԥҳа;
* Муцба Рита Гьаргь-иԥҳа.
Ашәахьа, 14 Цәыббра 2026 09:23
Бадра Гәынба агазеҭ «Республика Абхазиа» 35-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит
Ахәаша, 11 Цәыббра 2026 21:09
Ахада Аԥсны афымцамчнхамҩа аҭагылазаашьа иазкыз аилацәажәара мҩаԥигеит
Ахәаша, 11 Цәыббра 2026 20:35
Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Жьиба М. Л. «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы
▫️ Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Жьиба Мариа Ладикәа-иԥҳа «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы.
▫️ Ахьӡ лыхҵоуп Гагратәи афольклортә ансамбль «Кьараз» асолист ашәаҳәаратә ҟазара ҳараки, жәлар рмузыкатә ҟазара аҿиараҿы ллагала дуи, амилаҭтә аԥсуа культура апропагандеи рзы
Ахәаша, 11 Цәыббра 2026 13:50
Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров дидикылеит
Ахәаша, 11 Цәыббра 2026 11:21
Бадра Гәынба Акорпорациа «Синергиа» ахада ихаҭыԥуаҩ дидикылеит
Ахаша, 09 Цәыббра 2026 15:54
Бадра Гәынба иусуратә ныҟәара хыркәшахеит Ареспублика Башкорҭосҭан анапхгараҭаратә Центр аҭаарала
Ахаша, 09 Цәыббра 2026 13:31
Бадра Гәымба Евразиатәи аҭҵаадырратә центр Аҵараиурҭабжьаратәи астуденттә кампус даҭааит
Ахаша, 09 Цәыббра 2026 12:11
Бадра Гәынба Уфа Аҵараиурҭабжьаратәи акампуси уи ахыбраҟны иҟоу Аԥсны - урыстәылатәи акультуратә центри дырҭааит
Ареспублика Башкорҭосҭан усуратә визитла аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи аделегациа алахәцәеи Уфа иҟоу Евразиатәи аҭҵаарадырратә центр Аҵараиурҭабжьаратәи астуденттә кампус иаҭааит. Аделегациа дацын Ареспублика Башкортосҭан Аиҳабыра аԥыза-министр Андреи Назаров.
Акампус еиднакылоит ареспубликаҿы иналукааша ауниверситет, аҭҵаарадырратә лабораториақәа, акомпетенциақәа рцентрқәа. Акампус уснагӡатә хадақәаны иазгәаҭаноит аҵареи, аҭҵаарадырреи, ааглыхреи реимадара, русеицура, амаҭәарбжьаратә ҭҵаарақәеи, арҿыцрақәеи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рырҿиара.
Аԥсны Ахада ахә ҳаракны ишьеит Уфа иаԥҵоу ҳаамҭазтәи аҭҵарадырратә комплекс. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит акампус амҽхак Башкорҭосҭан аҿиара ахырхарҭа хадақәа шаанарԥшуа-аҵара, аҭҵаарадырра, арҿыцрақәа, атехнологиақәа, акадрқәа разыҟаҵара.
Акампус ахыбра аҩныҵҟа Аԥсны Ахада Аԥсны - урыстәылатәи акультуратә центр даҭааны ибеит.
Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит ацентр аусура ахырхарҭа хадақәа, аҵаратә, аҭҵаарадырратә, акультуратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы акмпус алшарақәа, иара убас иалацәажәеит Аԥсни Башкорҭосҭани рҿари, рырҵаҩцәеи, рыҭҵааҩцәеи реимадара арҿиара.
Бадра Гәынба ацентр аусура ахә ҳаракны ишьеит, Ареспублика Башкорҭосҭани Уфатәи аҭҵаарадырреи атехнологиақәеи руниверситети рнапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит уи аартразы.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Башкорҭосҭани рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы асеиԥш иҟоу аҭыԥқәа аҵак ҷыда шрымоу.
"Угәы иахәартә иҟоуп ҳҿар Аԥсни Башкорҭосҭани рыжәларқәа реиҩызара атрадициақәа иахьрыцырҵо. Аҿар рҵаратә, рыҭҵаарадырратә, ркультуратә еимадарақәа рыла ауп ари аиҩызара аҵакы ҿыц шаиуа, ишыӷәӷәахо, анаҩс егьырҭ абиԥарақәа ишрымардо», — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аԥсны Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит астудентцәеи, арҵаҩцәеи, аҵарауааи рыбжьара ишиашоу аимадара аринахысгьы арҭбаара, аҭҵаарадыратәи аҵаратәи проектқәа реицынагӡара аҵак ду шамоу.
Аҟәантәи авидеоеимадарала ацентр аҭаараан аиԥылара лҽалалырхәит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агеографиеи атуризми рфакультет адекан, агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Маиа Ҟаитанԥҳа.
Уи далацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Уфатәи аҭҵаарадырреи атехнологиақәеи руниверситети рыҭҵаарадырратәи рҵаратәи еимадарақәеи иазгәалҭеит ишьақәгылаз аусеицуреи уи ԥхьаҟатәи аҿиара аԥеиԥши ртәы.
Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан агеографиеи атуризми рганахьала аусеицура арҭбаара, аҭҵаарақәа реицымҩаԥгара, аҭҵаарадырратә ԥышәа аимдара, иара убас арҵаҩцәеи астудентцәеи рыбжьара академиатә еимадарақәа рыҿиара алшарақәа.