АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Ашәахьа, 21 Цәыббра 2026 15:40
Бадра Гәынба жәларбжьаратәи аекспедициа «Аԥсуа цәқәырԥа» алахәцәа дырԥылеит
Жәларбжьаратәи аекспедициа «Аԥсуа цәқәырԥа» цәыббрамза 11-17 рзы Екатеринбург имҩаԥысуаз Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль апрограмма иахәҭакны иҟалеит. Аԥсны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аекспедициа алахәцәа реилазаараҟны иҟоуп 16 тәыла рхаҭарнакцәа.
Амҽыша, 20 Цәыббра 2026 13:18
Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи иареи Аҳәынҭқарратә Дума алхрақәа рзы рыбжьқәа арҭеит
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи иареи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума алхрақәа рзы рыбжьқәа арҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, ибжьы шриҭаз аполитикатә мчрақәа, Аԥсны адгылара азҭо, аҳәынҭқарратә суверенитет арӷәӷәареи, асоциал-економикатә ҿиареи, Аԥсны жәларбжьаратәи аимадарақәеи реимадареи иадгыло.
Асабша, 19 Цәыббра 2026 17:30
Бадра Гәынба Мараҭ Камболов Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵзурахьы иалхра идиныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Мараҭ Камболов Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵзурахьы иалхра идиныҳәалеит.
Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа ҭелла аицәажәара мҩаԥыргеит.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит алхрақәа рылҵшәа Аахыҵ-Уаԥстәыла атәылауаа Мараҭ Камболов иахь иаадырԥшыз агәрагара шаҳаҭра шазыруа. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иажәақәа рыла, ари аҩыза агәрагара акыр шықәса аҳәынҭқарратә маҵзураҿы иусуреи, егьырҭ аҭакԥхықәра зцу аусбарҭақәа рыҟны еиуеиԥшым амаҵзурақәеи, арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала иоуыз аԥышәеи ирыбзоуроуп.
'Сара агәра згоит Шәара ишәырҭаз агәрагара Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵзураҟны қәҿиарала шәусура шьаҭас ишаиуа. Ҳарҭ ҳажәларқәа жәытәаахыс аҭоурыхтәи аиашьаратәи еимадарақәа рыбжьоуп. Сгәы иаанагоит Шәара анапхараҿы шәыҟазаара аан ҳаизыҟазаашьақәа ҩаԥхьа ишыҿиало, ишыӷәӷәахо, Аԥсни Алада Уаԥстәылеи ирыбжьоу аусеицура амҽхак аҽшарҭбаауа", - иҳәеит Бадра Гәынба.
Мараҭ Камболов Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адныҳәаларазы, аԥсуа жәлар аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит.
Аԥшьаша, 17 Цәыббра 2026 22:08
Ахада иазгәеиҭеит аԥсуа диаспореи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ирымоу аҵак ду
Аԥшьаша, 17 Цәыббра 2026 21:41
Бадра Гәынба ареспублика адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит
Аԥшьаша, 17 Цәыббра 2026 11:37
Бадра Гәынба: «Иахьа ақыҭақәа зегьы рымҽхакра ҳалшеит ҳҳәар – ииашам»
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба ақыҭа Ашықәс аихшьалақәа ҟаҵо иазгәеиҭеит, Аԥсны ақыҭақәа зегьы ирыдҳәалоу аусурақәа мҩаԥаҳгеит ҳәа аҳәара шиашам.
Аԥшьаша, 17 Цәыббра 2026 10:40
Бадра Гәынба: "Хықәкылатәи ахырхарҭала ахархәара змам ахархәагақәа рырхынҳәра ахәҭоуп»
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Ақыҭа ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аихшьалақәа рыҟаҵаразы аилацәажәараҿы ҵыԥх анаплак маҷи абжьаратә наплакреи рыдгыларазы апрограмма шынагӡаз азы агәынамӡара ааирԥшит.
Аԥшьаша, 17 Цәыббра 2026 00:02
Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит Ақыҭа ашықәс инықәырԥшны алҵшәақәа ирызкны
Аизара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, ақыҭа иашықәсны алаҳәара иабзоураны ақыҭа аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа хшыҩзышьҭра рыҭареи аҳәынҭқарра аганахьала адгылара рыҭаразы ахырхарҭақәа ралкаареи алыршахеит.
Аҩаша, 15 Цәыббра 2026 22:38
Бадра Гәынба Никарагуа аицхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит
Ашәахьа, 14 Цәыббра 2026 20:08