АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Ашәахьа, 05 Жьҭаара 2026 18:02
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба арҵаҩцәа рзаанаҭ амш рыдинҳәалеит
Р. Гумба ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы еиҿкааз Арҵаҩы имш азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылараҿы Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:
Ашәахьа, 05 Жьҭаара 2026 15:01
Бадра Гәынба иеицырдыруа урыстәылатәи аспортсмен Фиодор Емельианенко дидикылеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба раԥхьаӡакәны Аԥсны иаҭааз иеицырдыруа урыстәылатәи аспортсмен Mixed Martial Arts-и аибашьратә самбои рзы акырынтә адунеи иачемпионхахьоу Фиодор Емельианенко дидикылеит.
Ашәахьа, 05 Жьҭаара 2026 14:01
Бадра Гәынба иеицырдыруа урыстәылатәи аспортсмен Фиодор Емельианенко дидикылеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба раԥхьаӡакәны Аԥсны иаҭааз иеицырдыруа урыстәылатәи аспортсмен Mixed Martial Arts-и аибашьратә самбои рзы акырынтә адунеи иачемпионхахьоу Фиодор Емельианенко дидикылеит.
Ахәаша, 02 Жьҭаара 2026 10:15
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәымба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит "2026 ш. жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аррамаҵзурахь рыԥхьареи аррамаҵзуратә ҧхықәра назыгӡаз рхы рақәиҭтәреи рзы"
Аусԥҟа инақәыршәаны 2026 ш. жьҭаарамза 1 инаркны 31-нӡа аррамаҵзурахьы инарыԥхьоит 18 ш. зхыҵуа инадыркны 27 ш. зхыҵуа рҟынӡа, иара убас аррамаҵзура аҟынтә рхы иақәиҭыртәуеит арратә ҧхықәра анагӡараҟнызыҿҳәара хыркәшоу. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара, араионқәа русбарҭақәа, Аҟәа ақалақь ирыдҵоуп иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы рымҩаԥгара Аҧсны Аҳәынҭқарра аррамаҵзура иахысраны иҟоу аҿар рыԥхьаразы.
Аԥшьаша, 01 Жьҭаара 2026 17:31
Бадра Гәынба Владимир Пухаев дидикылт
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазкыз аусмҩаԥгатәқәа зхы рылазырхәырц иааз Алада Уаԥстәыла Ареспублика аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Владимир Пухаев дидикылт.
Аԥшьаша, 01 Жьҭаара 2026 14:54
Бадра Гәынба ацәыргақәҵа «Фазиль Искандер: ауаҩи уи икәша-мыкәшеи» даҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ацәыргақәҵа «Фазиль Искандер: ауаҩи уи икәша-мыкәшеи» даҭааит
Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит ацентр «Ҳара ҳаидгылоуп» аҿы. В.И. Дал ихьӡ зху Урыстәылатәи алитература аҭоурых аҳәынҭқарратә музеи иазнархиаз аекспозициа шьақәгылоуп ашәҟәыҩҩы иҭаацәа амузеи ахь иарҭаз аматериалқәа рыла.
Аԥшьаша, 01 Жьҭаара 2026 10:56
Аԥсны Ахада Бадра Гәымба Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи ирызку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыҽрылазырхәырц усуратә визитла иааз Башкорҭосҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә еизара ахантәаҩы Андреи Назаров дидикылеит
Аҳәынҭқарра Ахада асас аԥсшәа иаҳәо, иҭабуп ҳәа ахиҳәааит Аԥсны иарҭо адгылареи азҿлымҳареи рзы, Башкорҭосҭан Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьоу аимадара аҿиара иамоу аҵакы азгәаҭаны.
Ахаша, 30 Цәыббра 2026 18:54
Никарагәуа аицхадацәа Даниель Ортегои Росарио Мурильои Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идырныҳәалеит
"Ҳаҭыр зқәу Ахада!
Ахаша, 30 Цәыббра 2026 14:48
Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы имҩаԥысит аинтерактивтә експозициа «Афырхаҵа имҩа» аартра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 33 шықәса ахыҵра амш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы аинтерактивтә експозициа «Афырхаҵа имҩа» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит.
Ахаша, 30 Цәыббра 2026 14:45
Бадра Гәынба Алада Ешыра ақыҭаҟны Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаиҵеит
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Алада Ешыра ақыҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан.
Ахаша, 30 Цәыббра 2026 14:30
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Мықәашҭа азгәаҭара ихы алаирхәит
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 33 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа мҩаԥысит Иахьа Очамчыра араион Мықә ақыҭан.
Ахаша, 30 Цәыббра 2026 14:09
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны Ахьӡ-аԥша Апарк аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан имҩаԥысит ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Ареспублика Башкортосҭан Аҳәынҭқарратә Еизара - Курултаи ахантәаҩы Андреи Назаров, Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ранацәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.