АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра арзаҳал анаҵоит ашьапылампыл асразы 2028-тәи CONIFA адунеи ачемпионат амҩаԥгаразы. Амҩаԥгаразы азыӡба анрыдкылаха, уи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 35 ш. ахыҵра иазкхоит. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аԥсны иааны иҟоу CONIFA ахада Пер-Андерсом данидикылоз. 
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа Ақалақь-фырхаҵа амш аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы ацхыраара ҟазҵаз Гәдоуҭа араион адепутатцәеи, анаплакыҩцәеи, акоммерциатә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи дырԥылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи иареи «Иԥшыз Ақалақь» захьӡу ақәыргыламҭа иаҭааит.
Цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ахақәиҭтәра 33 шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ахьӡ-Аԥша Апарк аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Цәыббрамза 25 рзы Урыстәыла Аиҳабыра Ахантәаҩы Актәи ихаҭыҧуаҩ Денис Мантуров Аԥсны Аҳәынҭқарра иаиҭеит 30 цыра ҳаамҭа иақәшәо иҷыдоу атехника. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп- ашколтә автобусқәа, амедицинатә цхырааратә автомашьынақәа, аидарақәҵагақәа, акоммуналтә машьынақә,а амцарцәагатә автоцистернақәа, абылра-аҽацәыхьчаратә мотоциклқәа, иара убас хықәкырацәа змоу акатерқәа. 
Мышқәак раԥхьа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба гәыԥҩык аветеранцәа данырԥылоз аибашьцәа Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа аргыларазы азҵаара шьҭырхит.