Ахәаша, 26 Ԥхынҷкәын 2025 12:59
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент ахь Анашьҭымҭа ҟаиҵоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент ахь Анашьҭымҭа ҟаиҵоит.
▫️ Аминистрцәа реилазаара азал аҟны аизара иалагеит азакәанԥҵаратәии анагӡаратәии мчхара ахаҭарнакцәа, иара убас иналукааша ауаажәларратәи, аполитикатәи усзуҩцәа.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны ҳазҭагылоу аамҭазы иҟоу аҭагылазаашьеи ааигәа иазгәаҭоу атәыла ахырхарҭа хадақәеи дрыхцәажәоит.
Ашәахьа, 22 Ԥхынҷкәын 2025 22:55
Гәынба Бадра аенергетикцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
Ашәахьа, 22 Ԥхынҷкәын 2025 22:51
Аԥсны Ахада Атәылахьчара аминистрра Актәи хаз игоу амотошьаҟартә баталион даҭааит
Аҩаша, 16 Ԥхынҷкәын 2025 23:08
Гәынба Бадреи Аҟазараҭатә усбарҭа «Сенеж» аректор Андреи Бетини реиԥылара
Ашәахьа, 15 Ԥхынҷкәын 2025 21:28
Ахада Иусԥҟала Ҭарба Иван ианашьоуп аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩы»
▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аусԥҟа инапы аҵаиҩит шықәсарацәалатәи аҭҵаарадырра-рҵаҩратә усуразы, аквалификациа змоу аспециалистцәа разыҟаҵаразы афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилософиеи акультурологиеи ркафедра аиҳабы Ҭарба Иван Дорофеи-иԥа ианашьаразы аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩы».
Ашәахьа, 15 Ԥхынҷкәын 2025 21:16
Ахада Гыцба Леванти ианеишьеит «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара
▫️ Аԥсны А
Ашәахьа, 15 Ԥхынҷкәын 2025 20:29
Ахада Џьиҳан Зафер (Ацәыҩба) ианаишьеит «Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара
Амҽыша, 14 Ԥхынҷкәын 2025 09:00
Аԥсны Ахада Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз Ргәалашәара Амш азы Ааԥхьара ҟаиҵеит
Асабша, 13 Ԥхынҷкәын 2025 16:26
Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр Оксана Лути реиԥылара
▫️ Аиԥылара алагамҭазы Ахада Оксана Лут Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш лыдиныҳәалеит, Урыстәыла ажәлар ирзеиӷьеишьеит ахирра, аҭынчра, аизҳазыӷьара, аҿиара.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада аминистр иҭабуп ҳәа лаиҳәеит Аԥсны лаҭааразы, атәылаҟны иҟоу атуристтә усхк инамаданы, уи аграртә республиканы ишыҟоу азгәаҭаны. Гәынба Бадра ҷыдала иалкааны иҳәеит аекологиеи аҭыԥантәи аалыҵ ахаҭабзиареи ртәы.
▫️ Ахада иазгәеиҭеит аԥсуа мандаринқәа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа ирыхәҭакны ишыҟалаз, зны-зынла ари абренд ахьыӡҵаны Китаии Испаниеи раалыҵ шырҭиуагьы, ари Аԥсны иалҵуа ахатә тауар азы агәадура шунаҭо атәы ҳәаны.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа арҿиара ишаҿу, уи азы абиуџьеттә инвестициақәеи апрограммақәеи хархәара шрыҭоу. Гәынба Бадра иаҵшьны иҳәеит алшарақәа шыԥкугьы, аграртә усхк арҿиара афатә-ажәтә ашәарҭадара азҵаара иахьдҳәалоу адагьы, уи ақыҭа, ахатә хаҿра, акультура, абызшәа реиқәырхаразы иглобалтәу уснагӡатәны дшахәаԥшуа.
▫️ Ахада Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистррахь иҭабуп иҳәеит ареспублика иааиԥмырҟьаӡакәа иарҭо ацхырааразы. 2018 шықәса инаркны Аԥсны иаиуыз агуманитартә цхыраара аицҵалыҵ иартәеит 330 миллион мааҭ, иара убас ақыҭанхамҩатехникеи атракторқәеи. Гәынба Бадра иҳәеит аминистр иаара иабзоураны аусбарҭақәа рыбжьара аусеицура аҩаӡара ашьҭыхра алыршахоит ҳәа игәы ишаанаго.
▫️ Ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла иахьа адунеи аҟны ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа аагаҩыси експортиор дус иҟоу ишыракп, алҵшәа бзиақәа шалыршоу Владимир Владимир-иԥа Путин икоманда иабзоураны.
▫️ Гәынба Бадра иҳәеит Аԥсназы абри аусхк аҟны аусеицра аҵак ду шамоу, ареспублика убас еиԥш адгьылтә лшарақәа шамамгьы, уи зеиԥш ыҟам аграртә лшарақәа еиқәырханы ишаанаго.
▫️Аԥсны Урыстәылаҟа идәықәнаҵоит амандаринқәа, абна раса, аҩқәа, асыӡбал.
▫️ «Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭыр алшоит зыда ԥсыхәа ыҟам, шаҟа аҭаху аалыҵқәа зегьы. Уахь иаҵанакуеит Ареспублика аграртә усхк арҿиараҟны иаҭаху аминералтә рҵәыгақәа», – лҳәеит Оксана Лут.
Ахәаша, 12 Ԥхынҷкәын 2025 12:45
Аԥсны Ахада Вдадимир Путин Аконституциа амш идиныҳәалеит
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Урыстәыла Ахада Вдадимир Путин Аконституциа амш идиныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу Вдадимир Вдадимир-иԥа!
Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Урыстәыла ажәлар зегьы гәык-ԥсык ала ирыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш!
Азакәан хада адгылара акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит иӷәӷәоу, исуверентәу, идемократиатәу ҳәынҭқаррак аҳасаб ала астратегиатә мҩа аҿиара ҳәаакәызҵаз Урыстәыла аҭоурых ҿыц аҟны.
Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа ауаҩытәҩса, уи изинқәа, ихақәиҭрақәа ԥыжәара аҭаны ирыланаҳәоит, аиашара, атәылауаа рсоциалтә хьчара алнаршоит, милаҭрацәала еилоу атәыла ду акзаареи аҭышәынтәалареи уасхыр ӷәӷәаны ирзышьҭоуп.
Арҭ апринципқәа ирыбзрураны Урыстәыла шьаҭанкыла аҿиара мҩаԥысуеит, аҳәынҭқарратә мчхара, аекономикатә, адоуҳатә шьаҭа есааира арӷәӷәара иаҿуп, уи иқәынхо ажәларқәа еизыразрала, ҳаҭыреиқәҵарала еицынхоит.
Ҷыдала, иазгәасҭарц сҭахуп агәреибагара шьаҭас иамоу аԥсны-урыстәылатәи аизҟазаашьақәа. Вдадимир Вдадимир -иԥа, Шәара шәнапхгарала Урыстәыла ҳтәыла адгылара анаҭоит, ашәарҭадареи аҿиареи ашәарҭадареи рышьақәыргылараҟны хәы змаӡам алагала ҟаҵо. Аԥсны жәлар ахә ҳаракны иршьоит аамҭа иаԥнашәахьоу ҳаиҩызара.
Ҳаҭыр зқәу, Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Урыстәыла аҳәынҭқарреи ажәлари рымаҵ аураҟны аихьӡарақәа, Урыстәыла ажәлар зегьы - аҭынчра, аизҳазыӷьара!"