АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 23 Абҵара 2026 18:23

Ԥхынҷкәынмза 21-22 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи агуманитартә форум «Аԥсны. Ауаҩы. Ԥхьаҟатәи аамҭа»

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2026 ш, ԥхынҷкәынмза 21-22 рзы Аԥсны ишымҩаԥысуа Жәларбжьаратәи агуманитартә форум "Аԥсны. Ауаҩы. Ԥхьаҟатәи аамҭа".

Аусԥҟа инақәыршәаны ишьақәырӷәӷәоуп Анаԥшыҩцәа реилазаареи афорум Аиҿкааратә форуми. 

Анаԥшыҩцәа реилазаара иалахәуп:

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба;

• Д. Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа ҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба;

• Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа;

• Аԥсны Аҳәынтқарра Аԥыза-министр Владимир Делба;

• Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Изольда Ҳагԥҳа;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анпхгаҩы Беслан Ешба;

Афорум Аиҿкааратә хеилак хантәаҩыс дҟаҵоуп Владимир Делба. 

Аиҿкааратә хеилак аилазаара иалахәуп:

• Аҟәа ақалақь администрациа ахада Ҭемыр Агрба;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипротокол Аусбарҭа аиҳабы Инна Аџьынџьалԥҳа;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы аминистр Кама Аӡынԥҳа;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак алахәыла Линда Амԥарԥҳа;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбаҭа агәманитартә политика Аусбарҭа аиҳабы Викториа Бебиаԥҳа;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵара аминистр Хана Гәымԥҳа;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Ҭаниа;

• Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Актәи апроректор Роман Дбар;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә хеилак ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр Маиа Цыбулевскаиа;

• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны иаԥҵоу амассатә информациатә хархәагақәа Русбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа;

Аусԥҟа инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра Реилазаара иадҵоуп афорум аиҿкаареи амҩаԥгареи финансла аиқәыршәара.

Read 2 times