АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 20 Абҵара 2026 22:07

Бадра Гәынба Денис Царгәыш идиныҳәалеит зхы иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла U-23 азыҟаҵаҩ еиҳабы имаҵзурахьы иаҭара

Ахада Бадра Гәынба ҭелла дидныҳәалеит адунеи хынтәны иачемпионхаз, зхы иақәиҭу ақәԥаразы Олимпиатәи ахәмаррақәа рыҟны аԥхьахә згахьоу Денис Царгәыш зхы иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла U-23 азыҟаҵаҩ еиҳабыс ишьақәырӷәӷәара инамаданы.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу амаҵзуратә ҭыԥ аиура Аԥсны азы акыр еихьӡароуп, игәадуроуп ҳәа. Иҳәеит ҳтәылаҟны Денис Царгәыш иқәҿиарақәа ишреигәырӷьо, иара иигоз аиааирақәа рыла Аԥсны ахьӡ шҭигоз.

Бадра Гәынба Денис Царгәыш изеиӷьеишьеит аҭакԥхықәра зцу имаҵзура ҿыц аҟны аихьӡарақәа, аиааира ҿыцқәа.

Read 11 times Last modified on Амҽыша, 22 Абҵара 2026 22:22