Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Артиом Чаика Аԥсныҟа иаара алҵшәа бзиа шанаҭо аусеицуратә еизыҟазаашьа ашьақәыргылараҟны, иҳәеит аԥсуа наплакыҩцәа жәларбжьаратәи русутә еилазаара радыԥхьалараҟны акыр ишыцхыраагӡо.
Ахада азҿлымҳара ааирԥшит Аконгресс алахәцәа русуратә ԥышәа аԥсуа наплакыҩцәа рзы ишҿырԥшыго, ҳазҭагыло аамҭазы аекономикаттә еизыҟазаашьа аҿиара аусхк аҟны ахатә ҭыԥ шааннакыло.
Ҷыдала, Артиом Чаика иҳәеит, атәым тәылақәа рхаҭарнакцәа рԥышәа аԥсуа наплакыҩцәа рымадара ишазыхиоу. Иара иажәақәа рыла, ааглыхыҩцәеи анаплакыҩцәеи Жәларбжьаратәи рконгресс иалахәуп 28 тәыла рҟынтә амилаҭтә еилазаара ахаҭарнакцәа. Аиҿкаара аус ауеижьҭеи 33 шықәса ҵуеит, жәларбжьаратәи аимадарақәа рхырхарҭала аԥышәа ду амоуп.
Артиом Чаика иазгәеиҭеит, Аԥснытәи анаплакыҩцәа рпрофессионалтә дырра аизырҳаразы, иара убас русеицуреи рԥышәеи реимадараҟны Аконгресс адгылара шыҟанаҵо.