Аиԥылара аҳәааақәа ирҭагӡаны Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, Аԥсны гәыҳалалрала ишыргәаладыршәо акыршықәса раахыстәи Сергеи Бабурин иааирԥшуа адгылара, атәыла имариам аамҭа ианҭагылаз иҟаиҵоз ацхыраара.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, 30 ш. инареиҳаны ишҵуа аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоижьҭеи, Аԥсны аҭоурыхтә уадаҩ аамҭазы, Сергеи Николаи-иԥа акыр адгылара шааирԥшыз.
Сергеи Бабурин, Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкылара ԥхазы, иҳәеит Аԥсны еснагь ҩыза дуны дшахәаԥшуа. Инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҩаԥхьа аԥсуа ҳәынҭқарра излаилшо ала адгылара шаиҭало.
Сергеи Бабурин, иара убас иазгәеиҭеит, атәылаҟны имҩаԥысуа аиҭакра бзиақәа. Иара иажәақәа рыла, ақалақь ахаҿра аԥсахуеит, уи акыр уеигәырӷьаратәы иҟоуп. Ас еиԥш иҟоу аиҭакрақәа атәылауаа реиԥш, асасцәагьы ргәы шьҭызхуа акоуп. Убри аан, Сергеи Бабурин иҳәеит, Аԥсны Жәлар Рџьынџтәылатә еибашьра аамҭазы атәылауаа ирхыргаз агәаҟра хашҭра шақәым.