АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 12 Жьҭаара 2025 17:18

Гәынба Бадра Лыхнашҭаҟны аҽаҩра ныҳәа иалахәыз ақыҭақәа рпавилионқәа дырҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Лыхнашҭаҟны традициала имҩаԥысуаз аҽаҩра ныҳәа  иалахәыз ақыҭақәа рпавилионқәа дырҭааит.

   

▫️ Гәынба Бадра Гунба иазгәеиҭеит амилаҭтә традициақәа реиқәырхара иамоу аҵакы, иаҵшьынгьы иҳәеит ари аныҳәа ахаангьы ажәлар реидкыларагьы ишазҳәаз.  

 

Ахада анхацәа аҽаҩра аныҳәа рыдиныҳәалеит, иҭабуп ҳәагьы реиҳәеит ирбо аџьабаазы.Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит амилаҭтә хаҿра, ибеиоу ҳкультура, ҳԥеиԥш  аиқәырхараҟны дара рлагаламҭа иамоу аҵак ду атәы. 

 

▫️ «Ақыҭа аиқәырхареи аҿиареи — уасхырс иамоуп ҳҳәынҭқарра, уи адагьы ҳтәыла мчы аманы изыҟалаӡом! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ахирра ҭаацәацыԥхьаӡа»! — сказал Бадра Гунба.

 

▫️ Аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа, Афон ҿыц, иара убас Ҟарачы-Черқьесиа. Аныҳәа иалахәыз дасу рҭыӡқәа рыҟны ицәырыргеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ, амилаҭтә чыс, арыжәтә. 

 

▫️ Иара убас имҩаԥысит аныҳәатә концерти аспорттә усмҩаԥгатәқәеи, Гәдоуҭа араион акомандақәа еицлабуан аҵәеигәыдҵареи, ҽыла ампыл асреи рҿы.   

 
Read 13 times Last modified on Амҽыша, 12 Жьҭаара 2025 17:26
aps25