АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 13 Жьҭаара 2025 21:50

Аԥсны Ахада Ашәарҭадара ахеилак изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥигеит

 

Аилатәара аартуа, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩхада иҳәеит:

                              

▫️ «Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

 

▫️Иҟасҵаз адҵала Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рырхәҭақәа злахәыз аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа ирылагахьеит. Урҭ хацыркын аибашьразы ашәарҭадырга ала иаалырҟьаны агыларала. Ар арҵара-еибашьратә уснагӡатәқәа рынагӡара нап адыркит ашәарҭардыргеи аибашьратә напхгаразы адҵеи анроу инаркны.   

 

▫️ Ас еиԥш иҟоу азыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аҵак ҷыда рымоуп. Урҭ ҳархәҭақәа аибашьра иахьынӡазырхиоу агәаҭара адагьы, аҳәынҭқарра ахьчареи ашәарҭадареи рзы аҭакԥхықәра зду ҩ-еилазаарак русеицура аиҿкаареи рзы алшара ҳнаҭоит. 

 

▫️ Аррамаҵзурауаа русеицура, роперативтәра, рлеишәа зеиԥшроу еиԥш амилаҭтә шәарҭадара асистема зегьы алҵшәа аманы иҟалоит. 

 

▫️ Иахьа Ашәарҭадара ахеилак изаамҭанытәим аилатәараҟны ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны иҟоу арра-политикатәи, астратегиатәи ҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳахәаԥшуеит, иара убас атәыла ахьчаралшара арӷәӷәаразы раԥхьа иргыланы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа азгәаҳҭоит.  

 

▫️ Ҳара шьаҿа-шьаҿала ­аҭынчра, аҭышәынтәалара, Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара алзыршо Арбџьар мчқәа ҳарӷәӷәалароуп.

 

▫️ Иӷәӷәоу ар, зыквалификациа ҳараку акадрқәа, ҳәоуеиқәшәарала аусеицура — ҳажәлар уаҵәтәи амш агәрагара рызҭо, аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рыхьчара ҵаҵӷәыс ирымоу ауп. 

 

▫️ Арбџьар мчқәа рнапхгаҩы Адҵаҟаҵаҩ хада адырра ииҭеит ар аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа ишрызхиоу азы. 

 

▫️ Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҟны ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рыҩныҵҟа иҟоуп аибашьратә еиԥш, аполитика-дипломатиатәқәа, аекономикатәқәа, асоциалтәқәа, аинформациатәқәа уҳәа уб.егь».

Read 9 times Last modified on Ашәахьа, 13 Жьҭаара 2025 22:00
aps25