АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 01 Цәыббра 2025 17:23

Гәынба Бадра Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев 55 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит

 

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

 

 «Ҳаҭыр зқәу Вениамин Иван-иԥа!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 55 шықәса шәхыҵра арыцхә!

 

Ҷыдала иҭбауп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аԥсны иашәҭо адгыларазы, иҳашәҭо азҿлымҳаразы, агәылараеимабзиаратә еимадарақәа рырӷәӷәара иашәҭо ахылаԥшразы. 

 

Аԥсни  Ҟәбина ахаангьы аԥхарра, аилибакаара, лыҵшәазмоу аусеицура рыбжьан, Шәара хаҭала шәроль абри аус аҟны ахә ҳаракны иаҳшьоит.   

 

Шәара шәнапы злаку аус Аԥсадгьыл амаҵ аура, Ҟәбина ахыԥшеи аҿиареи рырӷәӷәара иазкуп.  

 

Шәара шәгәамч, иныҟәыжәго аҭакԥхықәра, аҟәыӷара арегиони Урыстәыла зегьи рзы ҿырԥшыга бзианы иҟоуп.   

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, еицакра зқәым агәамч, аихьӡара ҿыцқәа Краснодартәи атәылаҿацәи Урыстәылатәи Афедерациеи реизҳазыӷьаразы имҩаԥыжәго аусураҟны, ҳажәларқәа реиҩызара арӷәӷәараҟны».  

Read 11 times
aps25