Аспорттә шҭа аартра аусмҩаԥгатә аҟны дықәгыло, Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара ас еиԥш, аҿар аспорт рҽахьазыҟарҵо аспорттә шҭақәа раартра иамоу аҵакы.
«Ас еиԥш иҟоу апроектқәа аҵак ду рымоуп ҳтәылаҟны аспорт арҿиаразы, аҿар адгылара рыҭаразы урҭ цхыраагӡа дуны иҟалоит», — иҳәеит Гәынба Бадра.
Ахада урыстәылатәи иколлегацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аспорттә обиектқәа рыргылараҟны иҟарҵо ацхырааразы.
Гәынба Бадра даҽазныкгьы аҵаҩцәа аҵарашықәс ҿыц алагамҭеи аспорттә шҭа аартреи рыдиныҳәалеит.