АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 01 Цәыббра 2025 13:00

Ахада Адырра амш азы Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҟны иҟоу абжьаратәи ашкол № 5 даҭааит

 

Цәыббрамза 1 ишаԥу еиԥш, акәашарақәа, ашәаҳәара, ажәеинраалақәа рыԥхьарала еиҿкаау аныҳәатә цәаҳәала иазгәарҭеит.

 

Аҳәынҭқарра Ахада арҵаҩцәеи, ашколхәыҷқәеи, аҭаацәеи ирыдиныҳәалеит аҵарашықәс ҿыц алагамҭа.   

 

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иҟаиҵаз анапынҵала Аҵара аминистрра сынтәа раԥхьаӡакәны актәи акласс ахь ицаз аҵаҩцәа аҳамҭақәа рызнархиеит. Урҭ зегьы хаҭа-хаҭала иранашьан актәи акласс ахь ицо аҵаҩы ииҭаху маҭәахәыла иеиқәыршәоу ашәырақәа.

 
Read 14 times Last modified on Ашәахьа, 01 Цәыббра 2025 13:45
aps25