АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 01 Цәыббра 2025 12:46

Аԥсны Ахада ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аҵарашықәс ҿыц алагамҭеи Адырра амши рыдиныҳәалеит

Акыр иаԥсоу аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Адырра амши аҵарашықәс ҿыц алагамҭеи!  Ари амш адыррақәа, аартрақәа ирызку агәыӷрақәа, аус ҿыцқәа рхацыркра символра азнауеит.

Изызҳауа абиԥарақәа рҵараиура ҳара ҳзы хадароу злоу хырхарҭоуп. Аҵара ахаҭабзиара аиӷьтәра инаваргыланы, атәыла анапхгара Аҵара аминистрра аҿаԥхьа акрызҵазкуа уснагӡатәны иқәнаргылоит  аҿар рлеишәа-патриоттә ааӡара ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭара.  

Аҵарашықәс ҿыц аламҭалаз ҳтәыла зегьы аҟны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рырҿыцразы аусурақәа мҩаԥгоуп:

Гагра араион аҟны Цандрыԥшь ақыҭа ахәыҷбаҳчаҟны шьаҭанкылатәи арҿыцратә усурақәа мҩаԥгоуп, иахәҭоу маҭәахә ҿыцла иеиқәыршәоуп. Ара актәи ашкол аҩныҵҟа иара убас аиҭарҿыцрақәак алыршоуп, ирҿыцуп аспортшҭа.
Гәдоуҭа араион аҟны актәи ақалақьтә школ аҿы мҽхакы ҭбаала аусурақәа мҩыԥгоуп, Абгархықә ақыҭа школ аҟны ирҿыцуп ахыб, Џьырхәатәи ашкол аҟны – акласс уадақәа;

 Очамчыра араион аҟны ирҿыцуп аҩбатәи ақалақьтә школ, Ӷәада ақыҭа школ аҟны аспортзалқәа, Џьгьардатәи ашкол аҿы ишьақәыргылоуп аспорт шҭа ҿыц;
Аҟәа ақалақь аҟны ашкол № 1 аҿы ирҿыцуп акласс уадақәа, иԥсахуп аԥенџьырқәа жәпакы. Арҿыцратә усурақәа мҩаԥгоуп иара убас Аҟәа, Гәылрыԥшь араион ашколқәа рыҟны. 

Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, арҭ аусурақәа зегьы шәҵара ахаҭабзиара ашьҭыхра, шәдыррақәа реизырҳара, иара убас шәшәарҭадара алыршара иазкуп. 

Иахьа лымкаала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп арҵаҩцәа. Шәара шәдыррақәеи, иаашәырԥшуа ачҳареи, гәык-ԥсык ала шәус азыҟазаареи ирыбзоураны ҿыц игыло абиԥарақәа аҵара инаваргыланы аааӡара бзиа роуеит, Аԥсадгьыл абзиабара рылашәааӡоит. Шәара шәааԥсара, ҳтәыла аԥеиԥш бзиа ачаԥараҟны аҵак ду змоу шәлагаламҭа, ҳәарада, ахә ашьара уадаҩуп.

Сынтәа ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа раԥхьаӡакәны ашкол ахь ршьапы еихыргоит, аизҳара, аҿиара амҩа ианылоит. Есҽны ироуа адыррақәа рзы, рҵаразы иреиӷьу алҵшәақәа раарԥшразы алшарақәа рзаԥҵахоит.

 Акыр иаԥсоу ашколхәыҷқәа, аҵара шәҵала, шәгәырҵҟәыл, дасу ишәылоу аҟәыбаҩ аарԥшра, арҿиара шәашьҭаз, Ҳаԥсадгьыл Аԥсны шәаԥсаны ишәызҳаларц азы!

Аҵара шықәс ҿыц азы зегьы ишәзеиӷьасшьоит раԥхьа иргыланы, агәабзиара, аихьӡарақәа, анасыԥ!

Мҩамш шәанылааит!

 

 
Read 15 times Last modified on Ашәахьа, 01 Цәыббра 2025 13:44
aps25