Аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигвава, Аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Олег Боциев иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит .
Ахада иаҵшьны иҳәеит Олег Боциев Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра дшалахәыз , патриот дуны дшыҟаз, аԥсни Алада Уаԥстәылеи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны илагаламҭа аҵак ду шамоу.
Ари аԥхьа Гәынба Бадра Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Алан Гаглоев ҭелла дидышшылеит аладауаԥстәылатәи адипломатиатә хаҭарнакра анапхгаҩы иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.