Аԥсны Ахада Аҟәа астадион «Динамо» аҟны дыҟлуп аԥсуа команда аформа ишәҵаны. 10 аномер зну ари ашьапылампылхарԥ Ахада ҳамҭас ииҭеит ахәмарра аламҭалаз ашьапылампыл Афедерациа ахада Логәуа Шабаҭ,
Ахәмарра иахәаԥшразы иааит иара убас Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аиҳабыра алахәцәа.
Аԥсны анапхгара, иара убас атәыла зегьы гәцаракра ду аҭаны ахәмарра иахәаԥшуеит, аиааира иазыԥшуп.