Аиԥылара иалахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ин.н. Ҳагба Ҭарашь, Ашьапылампыл афедерациа ахада Логәуа Шабаҭ, иара убас Урыстәыла Амедиатә шьапылампылтә лига аоперациатә директор Кәартаа Дмитри.
Гәынба Бадра иазгәеиҭеит иахьа астадион «Динамо» аҟны акомандақәа «Апсныи» «Чертановои» рыбжьара имҩаԥысраны иҟоу ахәмарра аҵак ду шамоу Аԥсны ахьӡ аларҵәаразы, ҳтәылаҟны аспорт аҿиаразы.
Ахада Урыстәыла Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны амедиатә лига алаҵаразы аԥшьгара иаиҭаз адгылареи ари апроект анагӡараҟны иҟаиҵаз ацхыраареи рзы.
Гәынба Бадра Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Диалог» анапхгаҩы Владимир Табак апроект анагӡараҟны иҟаиҵаз ацхырааразы, иара убас аусмҩаԥгатә еиҿызкааз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.