АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 28 Нанҳәа 2025 11:12

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны жәлар Нанҳәа рыдиныҳәалеит

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ақьырсиан иашахаҵаратә ныҳәа Нанҳәа — Ицқьаӡоу Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыԥсара амш. 

 

Ҳдоуҳатә ҵасқәа, ҳҭоурых, шәышықәсала еиқәырханы иааҳго, иреиӷьу ҳқьабзқәа еидызкыло иԥшьоу ари амш ҳажәлар рзы ҷыдала аҵакы амоуп. 

 

Жәытәнатә аахыс абиԥарақәа инеимда-ааимдо, имырӡкәа иаарго ари ақьырсиан ныҳәа ду ахаангьы аԥсҭазаара инарҵауланы азхәыцра, анцәа иҳәара, азеиӷьашьарақәа ираамҭан.

 

Абри амш аҽны ҳара даҽазныкгьы ҳазнархәыцуеит, иагьҳныруеит ҳдац-ԥашә, ақьырсиан нцәахаҵара иамҭаны ҳҭаацәарақәа рыҟны ишьақәгылаз ҳажәлар рқьабзқәа, рҵасқәа.

 

Нанҳәа аныҳәа лаша аҿа-маҿа надкыланы Аԥсны ахьынӡа-наӡааӡо ҭаацәацыԥхьаӡа иазгәарҭоит. Уи иацны ҩнаҭацыԥхьаӡа инеиааит аҭынчра, аҳәоуеиқәшәара, аԥеиԥш бзиа агәрагара, анасыԥ.  

 

Имыӡааит ҳмилаҭ рҵас бзиақәа, урҭ ҳажәлар реидкылара, реизҳара шьаҭас ироуааит!

 

Нанҳәа аныҳәа алԥха шәыгымзааит зегьы!

 

Ҽааныбзиала шәнеиааит!

Read 10 times Last modified on Аԥшьаша, 28 Нанҳәа 2025 15:06
aps25