АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 29 Нанҳәа 2025 22:21

Ахада адышшылара ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев иԥсҭазаара иалҵра инамадны

Гәынба Бадра Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Алан Гаглоев ҭелла дидышшылеит Аԥсны  иҟоу аладауаԥстәылатәи адипхаҭарнакра анапхгаҩы иԥсҭазаара иалҵра инамаданы. 

«Олег Илиа-иԥа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсни Уаԥстәылеи дырпатриот дуун. Уи илшаз рацәоуп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызара арӷәӷәаразы.

Иуацәеи иҭынхацәеи рхьаа рыцеиҩаҳшоит», — иҳәеит Аԥсны Ахада.

Read 10 times Last modified on Ахәаша, 29 Нанҳәа 2025 23:07
aps25