2025 шықәса жьҭаарамза 1 аҟынӡа:
- атәанчахәқәа, зныктәи ашәатәқәа, ацҵашәатәқәа, асоциалтә цхыраагӡақәа рышьҭыхразы ажәалагалақәа рнагара;
• иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа змоу, аҭаацәа рыҟнытә хылаԥшрада инхаз ахәыҷқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа ажәалагалақәа разыхрхиара.
2025 шықәса абҵарамза 10-нӡа :
• аусбарҭабжьаратәи хықәкылатәи апрограмма «2026 шықәсазы адемографиа арҿиара» азырхиара, ашьақәырӷәӷәара;
• иҳәынҭқарратәу хықәкылатәи апрограмма «Анхарҭа 2026-2028» апроект азырхиара, ашьақәырӷәӷәара.
2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 15-нӡа:
• «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәылауаа социалла рымаҵ аура ашьаҭақәа рзы» Азакәан анагӡара алзыршо аиҵазакәантә нормативтә зинтә актқәа разырхиареи рышьақәырӷәӷәареи;
• «Ихымԥадатәиу атәанчаратә ԥгаԥсара асистемаҟны хазхаҭалатәи ашәҟәҭагалара» Азакәан азы аиҵазакәантә нормативтә зинтә актқәа разырхиареи рышьақәырӷәӷәареи;
• аҳәынҭқарратә биуџьет аҟнытә афинансззоужьу аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи русуҩцәа рџьаԥса ашәара асистема азырхиара, ашьақәырӷәӷәара.
2026шықәса хәажәкырамза 10-нӡа атәылауаа, ахшара змоу аҭаацәарақәагьы налаҵаны асоциалтә дгылара рыҭара асистема арҿыцра аконцепциа анагара.