АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 27 Нанҳәа 2025 22:53

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Аминистрцәа реилазаара алархәны имҩаԥигаз аилацәажәараҟны аекономика, ақыҭанхамҩа, атуризм, афымцамч, атранспорт аҟны аиҳабыра анапынҵақәа риҭеит

 

Аекономиказы

 2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 аҟынӡа анапынҵа ҟаҵоуп:

 

  • аҳәынҭқарратә хатәтәра аеффиктивра ашьҭыхра иазку ажәалагалақәа разырхиара, аамҭалатәи амазара амазаара мамзаргьы ахԥатәи ахаҿқәа рыла ахархәарагьы налаҵаны;
    • аҳәынҭқарратә унитартә наплакқәеи аҳәынҭқарра злахәу анаплакқәеи реиҵатәреи реффективра ашьҭыхреи рзы ажәалагалақәа разырхиара;
    • «Аԥсны Аҳәынҭқарра астратегиатә обиектқәа рзы» Азакәан азы аиҵазакәантә нормативтә актқәа разырхиареи рышьақәырӷәӷәареи.
    • имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара иазку хықәкылатәи ахылаԥшратә программа азырхиареи ашьақәырӷәӷәареи;
     
    2025 шықәса абҵарамза 10-нӡа:

    • аустә ҭагылазаашьа аиӷьтәра, абизнес азы административтә процедурақәа рырԥсыҽреи аиҿкааратә еидара аиҵатәреи рзы ажәалагақәа ;
    • «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» Азакәан анагӡара алзыршо аиҵазакәантә нормативтә актқәа разырхиареи рышьақәырӷәӷәареи;
  • Евразиатәи аекономикатә наӡааӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны алогистикатәии атранзиттәи лшара арҿиара иазку ажәалагалақәа разырхиара;

    Иара убас анапынҵақәа ҟаҵоуп 2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 аҟынӡа аекспорт-хырхарҭа змоу ааглыхра адгылара аҭара иазку ахылаԥшыратә хықәкылатә программа азырхиара

Ақыҭанхамҩазы

2025 шықәса абҵарамза 10-нӡа анапынҵа ҟаҵоуп:


• ахылаԥшыратә хықәкылатә программа «2026 шықәсазы ақыҭанхамҩа арҿиара» азырхиареи ашьақәырӷәӷәареи;  

  • афермертә нхамҩеи ақыҭаҟны анаплакҩцәеи адгылара рыҭара иазку ажәалагалақәа рнагара.

     Атуризм азы

    •   2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 15-нӡа 
    2030 шықәсанӡа Атуриндустриа арҿиара аконцепциа апроект азырхиара, атуристтә ҵакы змоу аиҿкаара аелементқәа зцу амҩақәа рырҿыцра иазку ажәалагалақәа рнагара;
     
    2026 шықәса хәажәкырамза 10-нӡа асасааирҭақәеи ауааԥсыра рыдкылара иазку даҽа обиектқәак рыклассификациазы Аԥҟарақәа, иара убас ауааԥсыра рыдкылара иазку ареспубликатә обиектқәа иаку рреспубликатә реестр амҩаԥгаразы Аԥҟара  разырхиареи рышьақәырӷәӷәареи.

    Афымцамч азы

    2025 шықәса жьҭаарамза 1 аҟынӡа  Аԥсны иҟам, арахь аҭагалараан ашәахтәқәҵараҟнытә зхы иақәиҭтәхо иеиҭашьақәыргылахо ахыҵхырҭақәа рыҟнытә афымцамч аԥҵаразы атехнологиатә маҭәахәқәа реиқәыԥхьаӡа азырхиара;

    2026 шықәса хәажәкырамза 10–нӡа Афымцамчтә усхк арҿиаразы зыҿҳәара дуу астратегиа азырхиара, афымцакаҭатә нхамҩа рреновациеи афымцамч даҽа хыҵхырҭақәак ралагалареи рызҵаарақәа налаҵаны.

    Атранспорт азы

    2025 шықәса абҵарамза 10-нӡа аихамҩатә представить предложения по развитию железнодорожного транспорт аҿиаразы ажәалагалақәа разырхиара, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа атакси аҟны аусура азԥхьагәазҭо апассаџьыртә мҩангара алицензиа аҭара;

    2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 аҟынӡа  атәылауаҩратә авиациа аусхк аҟны аиҵазакәантә актқәа разырхиара.

 

 
Read 6 times
aps25