АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 27 Нанҳәа 2025 16:04

Ахада Аԥсны Аминистрцәа реилазаара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

 

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Валери-иԥа, ҳаҭыр зқәу Аиҳабыра алахәцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәа рнапхгаҩцәа!  

 

Иахьа ари аиԥыларахь шәаасыԥхьеит ҳусеицураҟны, иааизакны аҳәынҭқарратә напхгара аусураҟны иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

 

Уажәы иҟоу Аиҳабыра шьақәыргылоуижьҭеи ԥшьымз иреиҵам аҟнытә аихшьалақәа рыҟаҵара ҳалагар ҟалоит. 

Аиҳабыра аусура лыҵшәа змоу ак аҳасабала ахәшьара аҭо, еиҳаракгьы, аекономика,   аинфраструктура, асоциалтә усхкқәа рыҟны, есҽнытәи, абжьааԥнытәи аусураҟнытә зыҿҳәара дуу ауснагӡатәқәа рыӡбарахь ҳаиаслароуп.   

Аминистрцәа реилазаара – атәыла асоциал-економикатә ҿиара, ҳтәылауаа реизҳазыӷьаразы аҭакԥхықәра зду анагӡаратә мчхара ихадароу усбарҭоуп.

Иахьатәи аилатәараҟны Аминистрцәа реилазаара анапынҵақәа аҭахоит, урҭ иалкаау, иушәар-иузар зуа, аамҭа иадҳәалоу аҟазшьақәа рымоуп.  Дара рынагӡара иҳалнаршоит  изыхәҭоу аусқәа рахь аиасра, Аиҳабыра Аԥсны атәылауаҩ дарбанзалаак иинтересқәа рыхьӡала асоциал-економикатә уснагӡатәқәа рыӡбара зылшо мыруганы иҟаҵаны.

Иазгәасҭоит, арҭ анапынҵақәа атәылахьчареи аҳәынҭқарратә шәарҭадареи русхк шаҵанамкуа, Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара хара имгакәа имҩаԥысраны иҟоуп аҟнытә, арҭ азҵаарақәа хазы ишьҭыххоит», — иҳәеит Ахада.

Ахада ишазгәеиҭаз ала, Аиҳабыра ԥшьымыз раԥхьа иаԥҵан. Ари аамҭа иалагӡаны иҟаҵоу маҷӡам, аха урҭ иҵегьы реизырҳаразы аусура иеиӷьтәтәуп.

 
Read 8 times
aps25