Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра адныҳәалара ҟаҵаны дықәгылеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, акыр иаԥсоу асасцәа, аҩызцәа!
Иахьа иазгәаҳҭоит аҵак ду змоу арыцхә — Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара 17 шықәса ахыҵра амш. Ари ахҭыс наунагӡа ҳажәлар рҭоурых ианылеит аиашареи ахақәиҭразы ақәԥараҟны аиааиреи ирсимволны.
Ари амш ахь инагаз амҩа ҳаназхәыцуа, иахӷәалаҳаршәоит ҳҳәынҭқарра ахыҵхырҭаҟны игылаз, ахачҳареи аԥеиԥш бзиа агәрагареи ирсимволу Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба. Уи иҟәыӷареи илаз агәаӷьреи ирыбзоураны ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра ауасхыр азышьҭаҵан. Аҩбатәи Аԥсны Ахада Сергеи Багаԥшь иуадаҩыз аамҭақәа рзы хьыӡла-ԥшала уи иус иациҵеит, усҟан ҳажәлар шәышықәсала иззықәԥоз, иззыԥшыз зхы иақәиҭу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара алыршан.
Ҷыдала иахьа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Урыстәылатәи Афедерациеи уи анапхгареи. 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Урыстәыла Ахада Дмитри Анатоли-иԥа Медведев Владимир Владимир-иԥа Путин иҟаиҵаз адгыларала идикылаз азыӡбала ишьақәырӷәӷәан ҳажәлар рԥеиԥш бзиа агәрагара рызҭаз аҭоурыхтә иашара.
Уинахыс, Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны аҭынчреи ашәарҭадареи зхы иадызҵаз Урыстәыла, наунагӡа ҩызара ҳзызуа ҳәынҭқарраны иҳадгылоуп. Москва аганахь ала арҭ ашықәсқәа зегьы иҳамоу адгылара ҳҳәынҭқарра ашьақәырӷәӷәара, аекономика, аҵараиура, акультура, агәабзиарахьчара арҿиара иацхраауан.
Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Иахьатәи аныҳәа иҳаҩсыз ашықәсқәа ргәалашәара мацараны иҟаӡам, уи уаҵәтәи амш агәрагара ҳнаҭоит. Ахьыԥшымра аиқәырхара, ҳҳәынҭқарра аҿиара аус азы аҭакԥхықәра зегьы хаҭа-хаҭала иҳадуп. Ҳаиҷаҳаны иҳахьчалароуп хыԥхьаӡара рацәала иреиӷьу аҵеицәа рыԥсҭазаара зыхҭнырҵаз, абиԥара ҿыцқәа рзы аԥхьаҟа аихаҳара алыршаразы.
Еицакра ақәымзааит, иӷәӷәахалааит Аԥсни Урыстәылеи реиҩызара. Аҭынчреи аизҳазыӷьареи агымзааит ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра!.
Ҽаанбзиала шәнеилааит, акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!
Нагӡара ақәзааит ихьыԥшым Аԥсны!