АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 26 Нанҳәа 2025 20:49

Ахада Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драма атеатр аҟны амузеи аартра далахәын

Аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра.

Ахада иазгәеиҭеит амузеи аартра — ҳтәыла акультуратә ԥсҭазааразы акрызҵазкуа хҭысны ишыҟоу. 

«Иахьа акрызҵазкуа ахҭыс  — Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драма атеатр аҟны амузеи аартра ҳалахәуп. Ари апроект анагӡара Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ианазханаҵаз амш иахьақәшәаз асимволтә ҵакы аманы иҟалеит.

 Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еимадарақәа аҭоурыхтә ԥашәқәа акыр иҵаулоуп, иахьа урҭ қәҿиарала рыҿиара мҩаԥысуеит.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит аҟазара аусхк аҟны иаҳзеиԥшу апроектқәа ирымоу азҿлымҳара, акультуроуп раԥхьа иргыланы ажәларқәа аиҩызара ацҳа рыбжьазҵоны иҟоу.

Фазиль Искандер ихьӡ дарбанаԥсуазаалак изы аҵак ду амоуп. Аԥсны иалҵыз, адунеи аҿы еицырдыруа ашәҟәыҩҩы ирҿиараҟны Аԥсны аҟазшьа, аԥшӡара, аҵаулара аарԥшра илшеит. Уи иаԥҵамҭақәа урыстәылатәи еиԥш, адунеитә литератураҟны ахатә ҭыԥ ааннакылеит, ҳара ҳзы гәадураны, ҳмилаҭ зегьы еидызкыло ҭынха дуны иҟалеит. 

Гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа расҳәоит Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра, Бахрушинтәи атеатртә музеи, иара убас Аԥсны Акультура аминистрреи Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драма атеатр анапхгареи ари аԥшьгара анагӡара ахьалыршахаз», — иҳәеит Гәынба Бадра.

Аекспозициа иеиднакылоит 120 инареиҳаны иуникалтәу аекспонатқәа: атеатр аҭоурых атәы зныԥшуа афишақәа, архивтә документқәа, афотоматериалқәеи артефактақәеи.

Апроект анагӡара алыршоуп Бахрушинтәи атеатртә музеи аԥшьгарала имҩаԥысуа афедералтә программа «Атеатр амузеи ҿыц» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрреи Аԥсны Акультура аминистрреи иҟарҵаз адгыларала. Ари апрограмма инақәыршәаны  имҩаԥысуа раԥхьатәи жәларбжьаратәи проектуп.  

Read 7 times
aps25