АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 21 Нанҳәа 2025 17:44

Ахада Евразиа иашьагәыҭу ажәларқәа рыҟнытә Абыргцәа рхеилак Афорум алахәцәа дырԥылеит

 Аиԥылара далахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.

 

 Аԥсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Думаа Аполлон, Адыгеиа, Аҩадатәи Уаԥстәыла, Даӷьсҭан, Кыргызсҭан ахаҭарнакцәа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатә аиҿкаараҟны иҟаиҵаз адгыларазы, иара уабс иҭабуп ахырҳәааит асасдкыларазы, иазгәарҭеит аиҳабы ҳаҭыр ахьиқәырҵо, аҵасқәеи адоуҳатә ҭынхеи еиҷаҳарала еиқәырханы иахьаарго Аԥсны ас еиԥш аҵак ду змоу афорум амҩаԥгара иамоу аҵакы.

 

Ахада иаҵшьны  ихәеит Абыргцәа рхеилак ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭышәынтәалара аиқәырхара, еиҳаракгьы, ҳазҭагылоу аамҭазы иалшо шырацәоу, аиҳабацәа ҳаҭыр рықәҵара — аԥсуа жәлар рзы аҭоурыхтә ҵакы змоу ихадароу аҵасқәа ишыруаку. 

 

«Ҳаҭыр зқәу асасцәа, даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп, афорум «Аԥсуа уаҩытәҩсатә ҵасқәа реидкыла Аԥсуара ҳаамҭазтәи адунеиеиҿкаашьа агуманизациатәра асистемаҟны» амҩаԥгаразы иҳашәҭаз алшаразы. Ари, ҳәарада, аҵак ду змоу темоуп ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рыҟны ҳажәларқәеи аҳәынҭқаррақәеи рыԥсҭазааразы.  

 

Ҳара, хымԥада, аҭоурыхтә ҵасқәа ҳрықәныҟәоит, урҭ рханы иҳаргылоит аиҳабы ҳаҭыр иқәҵара. Абыргцәа рхеилак аинститут Кавказ еиԥш, егьырҭ ажәларқәа рҟынгьы амилаҭтә хаҿра аиқәырхараҟны хадара злоу ароль нанагӡон ахаангьы. Абри аганахьала ҳара ҳзы акраҵанакуеит аҭышәынтәалара алзыршо мыругак аҳасабала ари аинститут аиқәырхара.

 

Иахьатәи аамҭазы абарҭ аҵасқәа цхыраагӡа дуны иҟоуп ахеиқәырхаразы, ажәларқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы.   

 

Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп афорум ара иахьымҩаԥысыз. Акраҵанакуеит Абыргцәа адунеизегьтәи рконгресс аԥсуа быргцәа ралаҵара ахьаӡбаз. Ари аизыҟазаашьақәа рыҿиара атәы аҳәоит, ҳаргьы хымԥада уи адгылара аҳҭалоит. Сара сзы гәахәароуп имҩаԥысыз афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иаартә иахьыҟалаз  Урыстәыла, иара убас иаҳзааигәоу егьырҭ атәылақәа рыҟнытә ажәларқәа.   

 

Арҭ аизыҟазаашьа бзиақәа еицакра рмоуроуп аҭынчра, аҭышәынтәалара, амилаҭтә, адинтә еибачҳара аиқәырхаразы. Аԥсны есқьынгьы арҭ аҟазшьақәа аныԥшуан, ара иқәынхон зҳәоу еиқәшәоз, ҳаҭыр еиқәызҵоз ажәларқәа. Ари ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит.  

 

Иҳаҳаз ажәалагалақәа ҳадаҳкылеит. Ҳара, иахьатәи абиԥарақәа, ҳҵасқәа ҳаҭыр рықәаҳҵалароуп. Аҵасқәа рыӡбахә анаҳҳәо, раԥхьа иҳаргылоит аиҳабы ҳаҭыр иқәҵара аҵас. Абри аганахьала ҳара иҳахәҭоу, иҳаду аҭакԥхықәра атәы ҳдыруеит. Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит гәыблыла шәыдкыларазы иҳауз алшаразы, аԥсуа быргцәа Адунеизегьтәи абыргцәа рконгресс алаҵаразы ишәыдышәкылаз азыӡбазы», — иҳәеит Гәынба Бадра.

 

Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан иаҵшьны иҳәеит амилаҭтә ҵасқәеи ақьабзқәеи реиқәырхара иамоу аҵакы атәы, иара убас ажәлар рхаҿра аиқәырхара алзыршоны иҟоу, акра, аидгылара ихадароу факторны ишыҟоу.   

 

«Ари аинститут хымԥада иаҭахуп ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа реиқәырхаразы, ҳҿар рааӡаразы», — иҳәеит Бигәаа Беслан.

 
Read 19 times Last modified on Аԥшьаша, 21 Нанҳәа 2025 17:48
aps25