АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 20 Нанҳәа 2025 15:41

Ахада Аҩада Кавказынтәи алагер "Ахьышьҭрахь" аҟны зыԥсы зшьо ахәыҷқәа дырԥылеит

 

 Асасцәа рыҩныҵҟа иҟоуп Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Ставропольтәи, Краснодартәи атәылаҿацәқәа рыҟнытә ахәыҷқәа.

 

  Ахада иазгәеиҭеит аиашьаратә жәларқәа рыбжьара аимадара арӷәӷәара аҳәынҭқарратә политикаҟны акрызҵазкуа хырхарҭаны ишыҟоу.

 

  «Ҳара ҳзы гәахәара дууп зыԥсҭазаара, згәабзиара ахҭынҵаны аԥсуаа рыдгыьл аҿы анхаразы ирымоу азин ахьчаразы игылаз ауаа рхылҵшьҭрақәа иахьа иахьаҳҭаауа, ҳҿари дареи ахьеибабо, иахьеиҿцаауа, аиашьаратә традициа бзиақәа реиқәырхара ахьымҩаԥысуа. Ари ҳаиашьаратә жәларқәа, Аҩада Кавказ ареспубликақәа рыжәларқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазку ҳәынҭқарратә политикоуп»,  — иҳәеит Гәынба Бадра.

 

Аҳәынҭқпрра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсни Аҩада Кавкази, Алада Урыстәылеи ррегионқәеи ҳареи ҳаимаздо аҭоурыхтә гәалашәареи атрадициақәеи реиқәырхара иамоу аҵакы. 

 

«Ҳара ҳҭоурых ҳхашҭыр, аҿиара ҳалшаӡом, ҳшьапы ҳзықәгылом ахаангьы. Ҳара арҭ аишьаратә, аҭоурыхтә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аҵак ду аҳҭоит», — иҳәеит Ахада.

 

Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызаратә ҟазшьа аманы, аԥхарра аҵаны, ахәыҷқәа Аԥсны рыҟазаараан ирбаз, ргәы иахәаз иалацәажәон.

 

Аҵыхәтәан, Ахада ахәыҷқәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.

 

  

 
Read 17 times Last modified on Ахаша, 20 Нанҳәа 2025 16:11
aps25