▪️ Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра, аԥыза-министр Делба Владимир, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, аҵарауаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Владимир Занҭариа иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
Иазгәеиҭеит Владимир Константин-иԥа амилаҭтә культуреи, алитературеи, аҭҵаарадырреи, аҳәынҭқарреи рыҿиараҿы илагала ду, инаҵшьны иҳәеит уи иқәҵра атәыла зегьы азы харҭәаашьа змам цәыӡны ишыҟоу.