Аҩаша, 24 Хәажәкыр 2026 14:00
Ахада ақалақьқәа Пицундеи Афон ҿыци рбиуџьеттә шьақәгылашьа азҵаарақәа инарымаданы аилацәажәара мҩаԥигеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ақалақьқәа Пицундеи Афон ҿыци рбиуџьеттә шьақәгылашьа аиӷьтра азҵаарақәа инарымаданы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аусуратә еиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҷыдала иаԥҵоу агәыԥ алархәны ахәынҭқарра Ахада дрылацәажәеит Пицундеи Афон ҿыци ақалақьқәа рыҟны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәеи рыстатус аиӷьтәра иазку ажәалагалақәа.
Аиԥылара ҵаҵӷәыс иаман ааигәа Пицунда Ақалақьтә еизара адепутатцәа ахаланапхгара афинанстә хьыԥшымреи рызҵаарақәа рзы иҟарҵаз ааԥхьара.
2015 ш рзы "Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьеттә процесси абиуџьеттә шьақәгылашьеи рышьаҭазы» азакәан ҿыц амч аиуаанӡа арҭ ақалақьқәа аҭыԥантәи рхатә биуџьетқәа рыман. Аха, 2025 ш. инаркны урҭ рфинанстә статус ларҟәын ақыҭеи аҳаблеи рыҩаӡара аҟынӡа.
Адепутатцәа раԥшьгара зҿлымҳара аҭаны, Ахада аӡбамҭа идикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба инапхгарала аусуратә гәыԥ аԥҵаразы, уи иалалоит аҭыԥантәи аизарақәа рдепутатцәеи, Пицундеи Афон ҿыци радминистрациақәа рхадацәеи, ари аусхк аҟны азинмч змоу анагӡаратә мчхара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи.
Аиԥылараҟны Ахада иҳәеит аилацәажәара хықәкыс ишамоу ааигәа адепутатцәа ргәы иаланы иззааҭгылаз азҵаара ахцәажәара.
"Ишдыру еиԥш, 2025 ш. ажьырныҳәамза 1 инаркны амч зауыз азакәан ҿыц инақәыршәаны, Пицундеи Афон ҿыци ақалақьқәа аҭыԥантәи рхатә биуџьет аԥсахрақәа алагалан, аха ақыҭеи аҳаблеи рыҩаӡара аҟынӡа иларҟәымызт. Ас еиԥш иҟоу аиҿырԥшра аҭыԥантәи ауааԥсыра ргәы днамырхьырц залшом. Пицундеи Афон Ҿыци зымҽхак ҭбаау ԥсшьарҭатә брендқәоуп".
2015 ш. анаҩс, Пицундеи Афон ҿыци адепутатцәа Рықалақьтә Еизара аҭыԥантәи ахалатә усбарҭақәаны аҟалара иаҟәыҵит, рзинмчқәа ахьыԥкхаз иахҟьаны "аилацәажәаратә усбарҭаны" иҟалеит, аҭыԥантәи ауадаҩрақәа рыӡбара залыршамхо аҟынӡа инагахеит. Изныкымкәа аҭыԥантәи аизара адепутатцәа ари азҵаара шышьҭырххьазгьы ӡбашьа амоуит.
Ахада иазгәеиҭеит, ари азҵаара аӡбаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи иаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба напхгара зиҭо аусуратә гәыԥ шаԥҵоу, уи аилазаараҟны ишыҟоу аҭыԥантәи аизара адепутатцәа, Пицундеи Афон Ҿыци Администрациақәа рхадацәа, Апарламент адепутатцәа, арҭ ақалақьқәа рҟынтә иалху, иара убас ари ахырхарҭала аус зуа анагӡаратә мчқәа рхаҭарнакцәа.
Аусуратә гәыԥ иадиҵеит иаарласны ари азҵаара аус адуланы Аԥсны Жәлар Реизарахь ахәаԥшразы анашьҭра.
Ақалақьқәа радминистрациақәеи реизарақәеи аҭыԥантәи рбиуџьет анышьақәыргылаха, афинанстә гәазҭаҵара алыршахоит. Аԥсшьарҭақәеи, ақьафурҭақәеи, адәқьанқәеи рҟынтә еизгахо ашәахтәқәа ақалақьқәа рыҟны иаанхоит, администрациақәагьы ишиашоу агәазҭаҵара роуеит. Аҭыԥантәи анаплакҩцәа рҭагылазаашьа шаҟа ибзиоу аҟара, ақалақьтә биуџьет ахашәалагьы еиҳа еиҳахоит.
«Иара убас шәыхшыҩ азысышьҭыр сҭахуп Пицундеи Афон ҿыци рхатә биуџьеттә лшарақәа шеиԥшым. Иара убасгьы еиԥшым арҭ ақалақьқәа рҿы абиуџьеттә харџьқәа реилазаашьагьы. Убри аҟнытә абиуџьеттә закәанԥҵара иадаагало аиҭакрақәа аус рыдулараан аамҭа-аамҭала урҭ ралагалара азԥхьагәаҭатәуп», - иазгәеиҭеит Ахада.
Аекономикатә ҵаҵӷәқәа ааганы, агәыԥ анапхгаҩы Шамба Дмтири инаҵшьны иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыҩнуҵҟа аҭагылазаашьа хаҭабзиарала аҽшаԥсахыз. Пицунда аҿырԥштәы ала иазгәаҭан ақалақь аныҟәгаразы еизаку ахарџьқәа, ақалақьтә харџьынҵеи асоциалтә усхк аԥаразоужьреи налаҵаны, иахьа 132 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит ҳәа. Убри аан ақалақь иахьаҵанакуа еизырго аҭыԥантәи ашәахтәқәа рымҽхак ари аицҵалыҵ еиҳахахьеит. Уи ишьақәнарӷәӷәоит иҟоу асистема аԥсахраан Пицунда ареспубликатә дотациақәа ахы иамырхәакәа, ахала ахыдҵақәа инагӡаны реиқәыршәара шалшо.
Афон ҿыц аганахьала иазгәаҭан Гәдоуҭа араион адотациа ахьамоу иахҟьаны ақалақь аиҭакратә етап аан иара убасгьы абиуџьет аҟынтә адгылара шаҭаххо. Арҭ аиԥшымзаарақәа ҳасаб рзуны, Шамба Дмитри ареформа анагӡаразы ҩ-знеишьак рыхәаԥшразы ажәалагала ҟаиҵеит, етап-етапла алагаларагьы уахь иналаҵаны:
"Ҳара ажәалагала ҟаҳҵоит 2027 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны Пицунда, 2028 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны — Афон Ҿыц апилоттә проект аусура аларгара авариант иахәаԥшырц. Аха аԥхьаӡарақәа иаҳдырбар Аха аԥхьаӡарақәа Афон аамҭак азы аицалагара ишазыхиоу аадырԥшыр, аусуратә гәыԥ ас еиԥш авариант ахәаԥшразы ицәырыргоит», — ҳәа иажәа хиркәшеит Шамба Дмитри.
Аусуратә еиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҷыдала иаԥҵоу агәыԥ алархәны ахәынҭқарра Ахада дрылацәажәеит Пицундеи Афон ҿыци ақалақьқәа рыҟны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәеи рыстатус аиӷьтәра иазку ажәалагалақәа.
Аилацәажәара аихшьалақәа ҟаҵо, Гәынба Бадра анапынҵа ҟаиҵеит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рнапхгара ахаҭарнакцәа аусуратә гәыԥ ралаҵаразы. Аиԥылара иалахәыз рахь ихы нарханы атәыла Ахада инаҵшьны иҳәеит ареформа аҩаӡарақәа зегьы рҿы дасу иду аҭакԥхықәра аилкаара шаҭаху.
"Зегьы аилкаара рымазароуп: еизгоу аԥарақәа зегьы шәахтә ҳасабла араион аҿы иаанхартә изыҟалом. Ас еиԥш ахала ахныҟәгарахь макьана акыр аамҭа аҭаххоит. Еилкаатәуп ақалақь аусура уи аҳәаақәа ирҭакны мацара ишынамыгӡахо. Фымцамчла, ӡыла аиқәыршәара, ашәарҭадара алыршара — ари ареспубликатә биуџьет аҟынтәи имаҷымкәа аԥара зықәхарџьхо ихадоу зҵаарақәоуп», — иҳәеит Гәынба Бадра.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ари аԥшьгамҭа анагӡара хымԥада атехникатәи аиҿкааратәи ҟазшьа змоу ахарџьқәа ишрыдҳәалахо, аха урҭ ахьынӡаҭаххо аҵыхәтәантәи алҵшәақәа ишаҳдырбо.
"Ара хымԥада зегьы шәатәуп-изатәуп: уи хәарҭара иамоу еиҳахар, ҳара ҳазхиоуп арҭ техникатә зҵаарақәа рыӡбара
Ҳара ҳзы зегьы ирыцку арҭ ақалақьқәа руааԥсыра ахадареи аизарақәеи русураҿы хра злоу аиҭакрақәа рбартә аҟаҵароуп. Ҳусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ари аӡбамҭа ҳзынагӡар — ари иҳалҳаршараны иҟоу аҟнытә зегьы иреиӷьу акәхоит», - ҳәа азгәеиҭеит Ахада.
Ахыркәшамҭаз атәыла Ахада еизаз рахь ааԥхьара ҟаиҵеит рхықәкқәа рынагӡараҿы акзаарахь.
"Ара «иадгыло» ыҟаӡам,"иаҿагыло" ыҟаӡам. Ара зегьы ҳаӡәыкны иаҳҳәо еиқәшәароуп, ҳауаажәлар рзы алҵшәа хықәкы хадас измоу ауаа ҟалароуп. Абри ауп хықәкы хадас иҟоу, егьырҭ зегьы техникатә ҭоурыхуп», — иҳәеит Гәынба Бадра.
Икьыԥхьуп
Новости