Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба "2026 ш. мшаԥымзеи-лаҵарамзеи Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵурахьы рыԥхьареи арратә маҵзура аҟынтә рхы рақәиҭтәреи рзы" Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа инақәыршәаны, 2026ш. мшаԥымза 1 инаркны рашәарамза 30 рҟынӡа арратә маҵурахьы иааԥхахоит 18 ш. зхыҵуа инадыркны 27 ш. зхыҵуа рҟынӡа.
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара, Аҟәа араионқәеи ақалақьқәеи радминистрациақәа ирыдҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵурахьы рааԥхьареи арратә маҵзура иахысыз рхы рақәиҭтәреи рзы аусмҩаҧгатәқәа нхарҭәааны рынагӡара,