АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 01 Ԥхынҷкәын 2025 15:31

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Ахаҭарнакра аартра иалахәын

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу АИА «Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа» Ахаҭарнакра аартра иазкыз аныҳәатә ҟазашьа змаз аусмҩаԥгатә иалахәын. Уи мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.

Абҵарамза 4 рзы зусура ԥышәарак аҳасабала ихацыркыз Ахаҭарнакра аҿар ирзеиԥшу аԥсны-урыстәылатәи апроектқәеи апрограммақәеи рынагӡаразы ихадароу ҭыԥны иҟалоит. Аартра иазку аусмҩаԥгатә иалахәын 1000-ҩык рҟынӡа Аԥсны аҿар рхаҭарнакцәа.

 

 
Read 13 times Last modified on Аҩаша, 02 Ԥхынҷкәын 2025 14:18
aps25