Ҳазҭагылоу аамҭазы амузеи ҩнымаҭәалеи ацәыргақәҵатә маҭәахәқәеи рыла реиқәыршәаразы аусура мҩаԥысуеит.
«Сгәы иаанагоит Нестор Аполллон-иԥа игәалашәара иадҳәалоу, аматериалқәеи аекспонатқәеи, иҭаацәеи иполитикатәи ҳәынҭқарратәи усуреи ртәы зҳәо амузеи аҿы имаҷхаӡом», - иҳәеит Гәынба Бадра.
Аԥсны Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩи ирҿыцу амузеи азалқәа ирыҩналаны ирбеит, амузеи аусзуҩцәа ирацәажәеит.