АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 01 Ԥхынҷкәын 2025 15:15

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои аицлабра «Аԥсны аҳәаа» аартра иалахәын

 Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аспорттә комлекс ҿыц «Аԥсны аҳәаа» официалла аартра иалахәын.

Аицлабра иеизнагеит 200 инареиҳаны алахәцәа. 300 метра аура змоу аԥынгылақәа иуникалтәу рцәаҳәа иаҵанакуеит иеиуеиԥшым аелементқәа. Урҭ рылахәра алшоит командалеи хаҭала мацаралеи.

Аспорттә еицлабрақәеи акультуратә программеи рыла ишьақәгылоу апроект аҩныҵҟатәи атуризм ашықәсбжьаратә  ааамҭазы арҿиара иазынархоуп, инанагӡоит Аԥсны акоманда», Азеиԥшурыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаара «Жәлар рыфронт «Урыстәылази» Аиҿкаара «Згәы зҩыдоу Аԥсадгьыли» иҟарҵо адгыларала.  

 

 

 

 

Read 13 times Last modified on Аҩаша, 02 Ԥхынҷкәын 2025 11:26
aps25