АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 01 Ԥхынҷкәын 2025 14:48

Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Бигәаа Баҭал иԥсыжырҭаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Бигәаа Баҭал – абаталион «Пиатнашка» далан, иҷыдоу аопреациа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҟны фырхаҵарала дҭахеит. Уи иеиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны деибашьуан – Авдеевка, Часовои Иар, Курсктәи аобласт уҳәа рыҟны. Ахәрақәа дааныркыломызт, афронт ахь дыхнымҳәыр иуамызт.

«Баҭал иеиԥш иҟоу аиашара зхы ақәызҵаз егьырҭ арԥарцәагьы ҳара ҳзы  ифырхацәақәоуп. Урҭ есқьынгьы аиаша иазықәԥоз абиԥарақәа ирхылҵшьҭрақәоуп», - иаҵшьны иҳәеит Аԥсны Ахада.  

«Баҭал Џьон-иԥа Донбасс имҩаԥысуаз ихадароу аибашьратә хҭысқәа дрылахәын. Уи ихы дамеигӡакәа Курсктәи аобласт ауааԥсыра рыхьчаразы дгылеит. Баҭал Џьон-иԥа – дфырхаҵоуп. Аԥсни Урыстәылеи рзы Фырхаҵа иашоуп», – иҳәеит Сергеи Кириенко.

Урыстәыла Ахада Владимир Путин Иусԥҟа ала Бигәаа Баҭал ианашьоуп Агәымшәара аорден. Сергеи Кириенко аусмҩаԥгатә аҟны аорден Афырхаҵа иҭаацәа рнапы иаиркит.

 
Read 12 times Last modified on Аҩаша, 02 Ԥхынҷкәын 2025 11:13
aps25