Аиԥылара иара убас иалахәын аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, Афымцамч аминистр Мышәба Баҭал, УА Афымцамч аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Арегионтә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада Џьынџьал Ҭемыр.
Аилацәажәараҟны иазааҭгылеит акаҭатә нхамҩа арҿыцразы ихадароу ауснагӡатәқәеи Аԥсны фымцамчла аиқәыршәара аус аҭышәныртәалареи рус. Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан ареспублика афымцамчтә система уақәгәыӷратә аҟаҵареи ахаҭабзиара ашьҭыхреи ирзынархоу иеицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара азҵаара.
Урыстәылатәи Афедерациа ари аусхк аҟны ацхыраара иацнаҵалоит.