Хазы игоу хырхарҭоуп – аконструкциақәеи аевкалиптқәеи рыҟны ишьақәыргылахо архитектуратәи асахьаркыратәи ҵырлашаара. Хара имгакәа аҵырлашаага ҟалоит аевкалипт ҵла дуқәа фба рыҟны амшын аԥшаҳәаҿы, Баграт ихьӡ зху ашьхаҟны, Аҟәа абааҿы.
Апроект анагӡара мҩаԥысуеит Нижни Новгород иҟанаҵо адгыларала, аиашьара зыбжьоу ақалақьқәа реизыҟазаашьақәа рыҿиара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны иаҵаҩын Аҟәа амшын аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра.