АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 24 Абҵара 2025 13:32

Гәынба Бадра Никита Павел-иԥа Симониан иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҭаацәа дрыдышшылеит

▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Никита Павел-иԥа Симониан иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҭаацәа дрыдышшылеит

  

▪️ Адышшыларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

▪️ «Никита Павел-иԥа иԥсҭазаара иалҵра гәалсра дула исыдыскылеит.

▪️ Даара агәхьаа снаҭеит Аԥсны зегьы ҷыдала ҳаззыҟаз иналукааша ашьапылампыл асҩы, азыҟаҵаҩ иаҳасабала адагьы, зхәыҷра зегьы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысыз, злахьынҵа ҳтәыла иамадоу ауаҩы ицәыӡра.

▪️ Аҟәоуп иара ашьапылампыл асрахь раԥхьатәи ишьаҿақәа ахьеихигаз, «Динамо» Аҟәа акомандаҟны иреиӷьыз ахәмарҩцәа дыруаӡәкын. Уинахыстәи иԥсҭазаара ахьымҩаԥысзаалак, аспорт аҿы аихьӡарақәас имазаалк, Никита Павел-иԥа Симониан Аԥсны ихашҭуамызт. 

▪️ Аԥсны жәлар уи изыҟазаашьа бзиа атәы аҳәоит Никита Павел-иԥа ианашьоу     «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара — уи илагаламҭа зыԥсоу, ҳреспубликахь имаз абзиабара иадырганы иҟалеит. 

▪️ Аԥсны жәлар зегьы рзы уи гәадураны, ирзааигәоу уаҩны дыҟан, ус дагьаанхоит.

▪️ Игәалашәара лаша ҳацзаауеит Никита Павел-иԥа — зышьҭамҭа нзыжьыз аспорт аҭоурыхи ауаа ргәалашәареи рҿы».

Read 19 times Last modified on Аҩаша, 02 Ԥхынҷкәын 2025 11:18
aps25