▫️ Аиԥылара иалахәын акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, апроект акуратор Белла Агрба.
▫️ Аицлабра-лабораториа ахыркәшара мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаарамза 21 инаркны 23-нӡа.
▫️ «Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Урыстәыла ажәларқәеи ҳареи ҳабжьара аиашьаратә, акультуратә, адоуҳатә еимадарақәа реиқәырхара. Жәаҳәарада, шәара ҳара, ҳара ҳтәылақәа реимадара шәацхраауеит. Лыӡбахә сымҳәар ҟалом ҳџьынџьуаҩы Алиса Шалва-иԥҳа, акультурала ҳаизыҟазаашьақәа рымҽхак зырҵаулаз. Ҳара ас еиԥш злагаламҭа дуу ауаа ҳрызгәдууп.
▫️ Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит, иҭабуп ҳәагьы сҳәоит ҳкультуратә еимадарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иҟашәҵо азы», — иҳәеит Гәынба Бадра.
▫️ Алиса Гыцба Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы, хаҭала апроект иаиҭаз адгыларазы, акультуратә еимадарақәа рырҿиара зҿлымҳара ахьаиҭо азы.
▫️ «Сара сзы гәахәароуп иахьа ҳахьшәыдышәкылаз, абас аԥхарра аҵаҵаны. Хаҭала Шәаргьы, Акультура аминистррагьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит есышықәса изызҳауа ҳапроект есқьынгьы адгылара ахьашәҭо азы», — лҳәеит Алиса Гыцба.
▫️ Аскар Абдразаков Гәынба Бадра дидныҳәалеит, Аԥсны Ахада иаҳасабала инаигӡо ароль азгәаҭаны, иаҵшьны иҳәеит ҷыдала дшазгәдуу Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ихҵоу ахьӡ.
▫️ «Гәахәара дула ишәыдысныҳәалоит иссиру Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас шәахьалху. Сара сзы гәадуроуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз ҳәа ахьӡ исыхҵоу. Иҭабуп, исышәҭаз агәрагаразы. Иҭабуп ҳәа ласҳәоит ҳаидызкылаз, бзиа иаҳбо ҳ-Алиса Гыцба», — иҳәеит Аскар Абдразаков.
▫️ «Сара уажәада смааӡацызт шәреспублика шьахә ашҟа. Абри амш ала збара сахьӡаз — аԥшӡароуп, аԥхарра знубаало ауаа роуп. Иҭабуп ҳәа ласҳәоит Алиса Шалва-иԥҳа жәларбжьаратәи аицлабра аҽалархәразы ааԥхьара исылҭаз азы. Избан акәзар амузыкеи аоператә ҟазареи, иааизакны аҟазара, авокалтә ҟазара ажәларқәа реидкылара зылшо ауп», — иазгәеиҭеит Евгени Хохлов.
▫️ IV Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа — академиатә вокали аконцертмеистерцәеи рхаҭарнакцәа рзы есышықәсатәи хҭысуп. Аицлабра мҩаԥысуеит Москвеи Аҟәеи Акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонди Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи иҟарҵо адгыларала.