АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 17 Жьҭаара 2025 17:36

Ахада Иусԥҟала иаԥҵоуп Баграт ШЬынқәба иҭынха анаӡаӡатәра иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа

 

Абри азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иахьа аиҳабыреи арҿиаратәи аҭҵаарадырратәи интеллигенциа ахаҭарнакцәа злахәны имҩаԥысыз аилацәажәараҟны.

  

▫️ Акомиссиа аԥҵоуп иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсни СССР-и Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәҩы, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иҵабыргу алахәҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Баграт Уасил-иԥа ШЬынқәба ибеиоу илитературатәи иҭҵаарадырратәи ҭынха аиқәырхареи аларҵәареи хықәкыс иҟаҵаны.

 

▫️ Акомиссиа напхгара аиҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

 

▫️ Аилацәажәара аартуа, Ахада иазгәеиҭеит апоет дуӡӡа иҭынха аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы аиқәырхара аҳәынҭқарратә ҵакы змоу акрызҵазкуа уснагӡатзны иҟоуп. 

 

▫️ Аилацәажәараан Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба ажәалагала ҟаиҵеит  Баграт Шьынқәба  ихьӡала есышықәсатәи афестиваль амҩаԥгара апоет иқыҭа гәакьаҟны – Ҷлоу. Н. Чанба иажәақәа рыла, афестиваль азԥхьагәаҭоуп хымш рыҩныҵҟа апоезиеи, амузыкеи, аҟазареи еиднакыло амҩаԥгара, Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа жәпакы ирылхны ашәақәа злаԥҵоу ала. 

 

▫️ Аҳәынҭқарра Ахада ари аԥшьгара дадгылеит, иҳәеит хара имгакәа афестиваль амҩаԥгаразы Аусԥҟа ишаҵаҩхо. Аидеиа иақәшаҳаҭхеит аиԥылара иалахәыз зегьы.   

 

▫️ Иара убас аилацәажәараҟны иазааҭгылан 2027 шықәса рзы иазгәарҭо Жәлар рпоет 110 шықәса ихыҵратә иубилеи азыҟаҵара инамаданы азҵаарақәа.    

Read 5 times Last modified on Аҩаша, 21 Жьҭаара 2025 12:14
aps25