.
Убри аан Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит атәыла аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟақәа рсиа иаҵанакуа наҟ-ааҟ иҟоу ахыбра аганқәа реиқәырхаразы.
«30 шықәса раахыс ари ахыбра аиҭашьақәыргылара алыршаӡам, аҳҭнықалақь ахаҿра ԥхасҭанатәуеит», — иҳәеит Ахада.
Гәынба Бадра иажәақәа рыла, ихадоу ашҭаҟны игылоу ари ахыбра аиҭашьақәыргылара мамзаргьы иҿыцу аобиект аргылара аҳҭнықалақь мацара акәымкәа, атәыла зегьы аиҭеира иасимволны иҟалароуп.