АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 06 Цәыббра 2025 18:33

Аҟәа, Лакоба имҩаҟны иҟоу Сергеи Кириенко иҩны ҳамҭас иаҭахоит Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлартә инструментқәа роркестр

▫️ Сергеи Владилен-иԥа азыӡба идикылеит аҩны иара ихарџь ала аиҭашьақәыргыларазы, аха уи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлартә инструментқәа роркестр ҳамҭас аҭара аинструментқәа рыҟаҵаразы аҟазарҭеи аԥсуа милаҭтә инструментқәа рыҟны ахәмарра арҵара иазку азалқәеи раҳасабала хархәара аҭаразы.

Иазгәаҭатәуп аорекстр анаԥҵаз аахыс аҽазыҟаҵарҭатә зал шамамыз.

Абри атәы иҳәеит Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Аҟәа Администрациа Ахада Агрба Ҭемыр иԥылараан. 

Аҳәынҭқарра Ахада ақалақь администрациа анапы ианиҵеит ари апроект анагӡараҟны ацхыраара, адгылара аҭара.  

 
Read 3 times Last modified on Амҽыша, 07 Цәыббра 2025 18:11
aps25