АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 19 Нанҳәа 2025 13:21

Аԥсны Ахада Анхәа ақыҭа даҭааит

▫️

 

▫️ Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ақыҭа ауааԥсыра ҳаҭырла игәалаиршәеит.   

 

▫️ Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы иргылаз ақыҭаҟнытә иҭахаз рбаҟа ахәҭақәак хыркәшаӡам. Ахада адҵа ҟаиҵеит Аиааира амш аҟынӡа ахыркәшаразы. 

 

▫️Анаҩс Ахада ақыҭа аиҳарак ӡыла еиқәзыршәо амкьаҭ дахәаԥшны ибеит.   

Амкьаҭи аӡымҩангагақәа рыхәҭаки ахьажәыз иахҟьаны аӡы рацәаны ирцәыӡуеит аҟнытә ақыҭауаа рызхара роуӡом, урҭ рырҿыцра аҭахуп.  

 

▫️ Ахада Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа  Демир инапы ианиҵеит иахымгакәа апроект-харџьынҵатә документациа азырхианы аӡеизакырҭа арҽеира нап аркра, иара убас иажәыз аӡымҩангагақәа  рыԥсахра. 

 

▫️ Ақыҭа фымцала аиқәыршәара азҵааразы аҭагылазаашьа атәылаҟны егьырҭ ақыҭақәа рҿы ишыҟоу еиԥш, иуадаҩуп. Ахада иаҵшьны иҳәеит ақыҭаҟны иҟоу ихадароу ауадаҩрақәа ашықәс анҵәамҭанӡа ишыӡбахо.

 

 

 
Read 18 times Last modified on Аҩаша, 19 Нанҳәа 2025 18:30
aps25