Бадра Гәынба иқәгылараҿы иазгәеиҭеит «Амшен» иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы Аԥсны Аерманцәа рхеидкыла аԥшьгара иабзоураны итрадицианы иҟалаз амшентәи аерманцәа ркультуреи рыбзазареи рфестивальны ишыҟалаз.
Ари аныҳәа амшентәи аерманцәа ркультуратә ҭынха беиа, рмилаҭтә традициақәа, рбызшәа, рҵасқәа еиқәырханы анаҩстәи абиԥарақәа рызнагаразы зеиӷьыҟам лшароуп, ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа аҵак ду рымоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны –милаҭрацәала еилоу атәылаҟны аԥсуаа ирывагыланы еиуеиԥшым ажәларқәа рхаҭарнакцәа шынхо, аус шеицыруа, аҭаацәарақәа шаԥырҵо, рыхшара шырааӡо, ареспублика аҿиараҿы рлагала шыҟарҵо. Аҳәынҭқарраҟны азҿлымҳара амоуп Аԥсны иаку ажәлар шьақәзыргыло ажәларқәа зегьы рмилаҭтә культурақәеи, рытрадициақәеи, рҷыдареи реиқәырхареи рырҿиареи.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика атәылауаа зегьы атәыла иахьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, уи ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратәреи рырӷәӷәареи рзы ирзеиԥшны ирыду аҭакԥхықәра ишеиднакыло. Акзаареи, аҳаҭыреиқәҵареи, аӡәи-аӡәи реилибакаара ауаажәларраҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхаразы ихадоу ҭагылазаашьақәаны иҟоуп.
Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ҷыда рымоуп — ари дара-дара ркультуреи, рытрадициақәеи, реихьӡарақәеи рдырра, аныҳәа иацу агәырӷьара аицеиҩшара адагьы, иаарту аицәажәареи, ргәы иҵхо азҵаарақәеи апроблемақәеи иахьрылацәажәо ҭыԥуп.
Аҳәынҭқарра Ахада хазы дазааҭгылеит асоциалтә каҭақәа рыҟны ицәырҵыз ашәҟәы аҭоурых ахҟьа-ԥҟьақәа ауаажәларра ишрыдыркылаз атәы, иагьазгәеиҭеит иарбоу аҭыжьымҭа шәҟәуп ҳәа аҳәара шыҟуадаҩу, иара ахҭыс ахаҭа ауаажәларра реиҟәшара иазырхоу провокациоуп ишазыиԥхьаӡо.
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ас еиԥш аҽазышәарақәа ҟалашьа шрымам, урҭ заанаҵы ишаԥырҟәҟәаатәу. Амилаҭбжьаратә еиҿагылара амца ацраҵареи, агәреибагара аҵшәаареи, ауаажәларратә ҭагылазаашьа ашьақәҟьареи ирызку иарбанызаалак ахымҩаԥгашьеи аҳәамҭақәеи иақәнагоу ахәшьареи хьаҳәхьачарада аҿагылареи роуроуп.
Ара ихадароу, Аԥсны аерман уаажәларра асеиԥш иҟоу апровокациақәа иахьрықәыӡбо, ауаажәларра аиҟәшара ралагаларазы аҽазышәарақәа иахьаҿагыло ауп.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит жәашықәсала иаԥырҵоз — аиҩызареи, агәылеимабзиареи, аҳаҭыреиқәҵареи шыхьчатәу. Ауаажәларра рзы акзаара еиҳау даҽакы шыҟам.
Ахыркәшамҭаз аҳәынҭқарра Ахада даҽазныкгьы зегьы ирыдиныҳәалеит аныҳәа «Амшен», ирзеиӷьеишьеит аманшәалара, аизҳазыӷьара, ақәҿиара ҿыцқәа, есышықәса аҽаҩра беиа реингалара рылшо, ҩнаҭацыԥхьаӡа амали, агәырӷьареи, аҳәоуеиқәшәареи, аҭаацәарақәа рҿы – аҭынчреи, абзиабареи, аилибакаареи ыҟазарц.