АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 06 Абҵара 2026 14:19

Аԥсны Ахада Краснодартәи атәылаҿацә агәбернатор Вениамин Кондратиев диԥылеит

Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара иамоу аҵак ду, иара убас урыстәылатәи арегионқәеи, раԥхьа иргыланы агәыларатәи Краснодартәи атәылаҿацәи Аԥсны Аҳәынҭқарреи русеицура арӷәӷәара акыр шаҵанакуа.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Ҟәбан еснагь Аԥсны адҩызара шазнауа, аамҭа уадаҩқәа рзы атәыла акрызҵазкуаз ацхыраара шанаҭоз. Бадра Гәынба иҳәеит Вениамин Кондратиеви Краснодартәи атәылаҿацә ауааԥсыреи иҟарҵо ацхыраара атрадициақәа иахьагьы ишрыцҵоу.

Вениамин Кондратиев иазгәеиҭеит Краснодартәи атәылаҿацәи Аԥсни ирыбжьоу аиашьаратәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рырҿиара аҵак ду шамоу. Аицхыраара ахырхарҭа хадақәа рхыԥхьаӡараҟны иазгәеиҭеит наҟ-ааҟ ирыбжьоу атауареикәшара аизырҳара, атуристә усхк, амҩатә логистика рырҿиара, иара убас аустә еимадарақәа рырҭбаара.

Агубернатор иазгәеиҭеит Краснодатәи атәылаҿацәи иааидкыланы Урыстәыла иқәынхо ауааԥсыреи Аԥсны бзиа ирбо ԥсшьарҭатә ҭыԥны ишыҟоу. Уи иажәақәа рыла, Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартреи атуристтә еихамҩатә хырхарҭа ахацыркреи аҭагылазаашьа бзиа аԥырҵоит  атуристтә еиамадарақәа рыҿиаразы.

Ахәаахәҭра-економикатә усеицура азҵаара дазааҭгыло, Вениамин Кондратиев иҳәеит, ҵыԥхтәи ашықәс алҵшәақәа рыла, Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи ирыбжьаз атауареикәшара ишартәаз 10 миллиард мааҭ рҟынӡа, ҳазҭоу ашықәс актәи азбжазы 4 миллиард мааҭ ишреиҳахаз. Убри аан иазгәеиҭеит, иҟоу алшара арбагақәа акырӡа реизырҳара шалнаршо.  

Вениамин Кондратиев ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭаны дахцәажәеит асоциалтә ҵакы змоу азеиԥш проектқәа рынагӡара. Иазгәеиҭеит иахьа дшаҭааз Аҟәа амшынтә баӷәаза, аиҭашьақәыргаларазы аусура ахьымҩаԥысуа аҭыԥ. Аусурақәа мҩаԥыргоит Краснодартәи атәылаҿацә иҟанаҵо адгылара иабзоураны. Иазԥхьагәаҭоуп еиҭарҿыцу абаӷәаза аусура шхацыркхо ҳазҭоу  ашықәс  ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы.

Иара убас, Вениамин Кондратиев иҳәеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба аҵара ахьиҵоз Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратәи ашкол шьаҭанкылатәи арҽеиратә усура шазгәаҭоу.

Ҳазҭагылоу аамҭазы ахыбра апроект аус адулара ахыркәшарахь инеиуеит, аргыларатә усурақәа азгәаҭоуп ҳазҭало ашықәс ажьырныҳәамзазы, ахыркәшара акәзар - 2027 ш. анҵәамҭазы. Апроект инақәыршәаны иарбоуп  хазы ашколтә крыфарҭа агылара.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Вениамин Кондратиев атәылазы аҵак ду змоу апроектқәа ирырҭо адгыларазы, иара убас аҭоурыхтә ҵакы змоу Аҟәа амшынтә баӷәаза ахәҭа аиҭашьакәыргылара иазку аусурақәа рзы, уи шаҳаҭра ауеит Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи ирыбжьоу агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рзы.

Бадра Гәынба иҳәеит, Аԥсны ахырхарҭақәа зегь рыла  аусеицура арӷәӷәареи амҽхак арҭбаареи ишадгыло.

Read 42 times Last modified on Аҩаша, 10 Абҵара 2026 09:08