АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 03 Абҵара 2026 15:44

Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит 2025 шықәсазы аҳәынҭқарратә программақәа ҩба рынагӡара агәаҭара ианамаданы

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба аилацәажәара мҩаԥигеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, аекономика аминстрра анапхгареи, ақыҭанхамҩа аминистрра  анапхгареи рхаҭарнакцәа алархәны. 

 Аилацәажәараҟны ирзааҭгылан 2025 ш. рзы инагӡаз аҳәынҭқарратә программақәа ҩба ргәаҭарақәа рылҵшәа: ақыҭанхамҩа апрограмма арҿиареи, иара убас ибжьаратәу анаплаки, анаплак маҷи адгылара рыҭара апрограммеи.  

Уи аԥхьа, ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза 2 рзы аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны,  Апрокуратура хадеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынтқарратә Шәарҭадара амаҵзуреи алархәны аусбарҭабжьаратә  гәыԥқәа раԥҵара аҳәынҭқарратә дгылара зауыз апроектқәа рынагӡашьеи иазоужьыз аҳәынҭқарратә биуџьеттә хархәагақәа хықәкылатәи рхархәареи ргәаҭареи. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рнагаразы ишьақәыргылан ҿҳәарас ҳәа абҵарамза  1 аҟынӡа.

Апрокурор хада Адгур Агрба аусуратә гәыԥқәа имҩаԥыргаз агәаҭарақәа рылҵшәа дазааҭгылеит.

2025 ш. ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма инақәыршәаны иазԥхьагәаҭан 150 млн. мааҭ. Ахархәара азуп 149,7 млн. мааҭ. Ахарџь азырха аҭан аҵиаақәеи арахәқәеи рааӡара, аԥсыӡтә нхамҩа, акыршықәсалатәи аиҭаҳатәқәа, ақыҭанхамҩатә техникеи амаҭәахәқәеи, иара убас ақыҭанхамҩатә аалыҵ  аус адуларазы ааглыхратә база арҿиара.

Агәаҭарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә цхыраара змоу 356 проект русура алҵшәа ҭҵаауп. 

Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла ишьақәыргылоуп ацхыраара зауыз рахь 261-ҩык  атауарқәеи    амаҭәахәқәеи харҭәааны ишрымоу.

Убри аангьы иаарԥшуп ахҭысқәа, амаҭәахәқәа змам, ақыҭанхамҩа аминистрра адокументқәа инарықәыршәаны ирыҭоуп ҳәа иахьарбаз атауарқәа змам, иара убас алахәцәа аҳәынҭқарратә программала иазԥхьагәаҭаз ацхыраара шырмауз ала арзаҳалқәа. Хаз игоу апрограммақәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп атауарқәа зоураны иҟоу ауаа ироухьеит ҳәа, аха иарбоу аҭыӡҭыԥқәа рыла  ишыҟам. 

Обиектқәак ргәаҭарақәа ирыцҵаны имҩаԥысуеит, иҟоу аиқәымшәарақәа рыҭҵаара нап аркуп.

Анаплак маҷи ибжьаратәу анаплаки рыпрограммақәа инарықәыршәаны, 2025 ш. рзы арзаҳал алазҵаз 485-ҩык рҟынтә 265 -ҩык аҳәынҭқарратә дгылара рыҭоуп.

 Агәаҭарақәа рылҵшәа иабзоураны ишьақәырӷәӷәоуп аус шауа 76 проект.

Убри аан иаарԥшуп абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьакәа: 35 проект рыла  атаурқәеи амаҭәахәқәеи зегьы шыҟоу, аха аобиектқәа аус шырымуа; 44 проект рыла атауарқәеи амаҭәахәқәеи ыҟам, дара апроектқәа нагӡам; 27 проект рыла ишьақәыргылоуп иазԥхьагәаҭоу атауарқәеи амаҭәахәқәеи нагӡаны ишыҟам. 44 проект рыла аусура аҭыӡҭыԥ ԥсахуп араион анҭыҵ иҭыганы, 39 проект русуразы  иарбоу аҭыӡҭыԥ  даҽаџьара ииагоуп, арҭ аҭагылазаашьақәа рзы хаз игоу агәаҭарақәа мҩасуеит.

Апрокурор хада иажәахә, иара убас аилацәажәара иалахәыз данырзыӡырҩр анаҩс, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит иахәҭоу ахылаԥшра шыҟам иашьашәалоу усбарҭақәа - ақыҭанхамҩа аминистрреи аекономика аминистрреи  рганахь ала аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы. Арҭ аусбарҭақәа русура Ахада ибзиам ҳәа ахиҳәааит.

Аҳәынҭқарра Ахада 2026 ш. аҳәынҭқарратә программа ахылаԥшра ӷәӷәа аҭаразы адҵа ҟаиҵеит. Ақыҭанхамҩеи аекономикеи рминистррақәа апрограммақәеи апроектқәеи зегьы ахылаԥшра аҭара рабжьигеит. Ахада иазгәеиҭеит хаҭала анапхгаҩцәа зегьы аҭакԥхықәра шрыду.

  1. ш. апрограмма алахәцәа зхыдҵақәа назмыгӡаз рганахьала адҵа ҟаҵоуп изыхәҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡаразы: абиуџьеттә ԥарақәа рырхынҳәразы алабжьара амҩаԥгара, мамзаргьы апроект иарбоу аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны анагӡара. Мап анакәха, аматериалқәа аусӡбарҭатә усбарҭақәа рахь инагахоит аҳәынҭқарра иарҭаз ацәыӡ архынҳәразы.

Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа адҵа риҭеит 2025-2026шш. аҳәынҭқарратә программа анагӡара ахылаԥшра ацҵаразы, анагӡара шцо ала есымчыбжьа аҳасабырба Ахада Иадминистрациахь аашьҭразы.

Иара убас, Ахада адҵа ҟаиҵеит изыхәҭоу аусбарҭақәа азинхьаратә дгылара рыҭараразы хықәкыдатәи иныху абиуџьеттә хархәагақәа рырхынҳәразы.

Read 40 times Last modified on Аҩаша, 10 Абҵара 2026 09:10