АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 30 Жьҭаара 2026 16:17

Ахада Аԥсны аҵарауаа ирыдиныҳәалеит Амилаҭтә ҭҵаарадырра амш

Аҳәынҭқарра Ахада ихы алаирхәит Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиаҟны имҩаԥгаз аилатәара. 

Бадра Гәынба иқәгылараҿы иазгәеиҭеит:

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҭҵаарададыррақәа ракадемиа алахәцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырратә уаажәларра!

29 шықәса раԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада В.Г. Арӡынба иусԥҟала иаԥҵахеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа. Ари ахҭыс аҵак дуӡӡа аман ҳтәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы, избанзар ҭҵаарадыррада аҳәынҭқарра аекономикеи, ааглыхреи, ақыҭанхамҩеи, акультуреи инхарҭәааны иҿиартә изыҟалом.

Аԥсуа Академиа имариам амҩа ианысит. Раԥхьатәи Ахада Шьоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа иҩызцәеи иареи ирылшеит, ауадаҩрақәа ириааины, ҳаҭҵаарадырратә институтқәа еидкыланы Академиа аиҿкаара. Урҭ ихацдыркыз аус Академиа иахьатәи анапхгара иеихаҳауа иааргоит. Иахьа иара иҭышәынтәаланы иҟоу, аизҳазыӷьара иаҿу ихадароу ҭҵаарадырратә еиҿкаароуп. Ҳҵарауаа шәеихьӡарақәа азхаҵоуп ҳтәыла аҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы. Шәыҭҵаарадырратә усумҭақәа ирыбзоураны адунеи аҟны еицырдыруеит ҳаԥсадгьыл иамоу адоуҳатә беиарақәа, ҳажәлар знысыз аҭоурых, рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥаразы аиаша.

Даараӡа ихадоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анапхгареи уи иаҵанакуа аинститутқәеи жәларбжьаратәи аимадарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ирышәҭо азҿлымҳара. Лымкаала аҵак ду аманы иаабоит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи шәареи шусеицура есааира иахьшәырӷәӷәо, иахьшәырҭбаауа, алҵшәа бзиақәагьы ахьшәымоу.

Академиа ауснагӡаратәқәа рҿы ихадароу ахырхарҭақәа иреиуоуп – аҵарауаа ҿарацәеи аспирантцәеи аус рыдулара азҵаатәы. Иалшәыршоит аҿар рзы ҷыдала аҭҵаарадырратә форумқәа рымҩаԥгара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла адиссертациақәа рыхьчара.


Аҭҵаарадырра – аҳәынҭқарра ауасхыр хадақәа иреиуоуп. Убри хшыҩзышьҭра азуны, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара еснагь иазыхиоуп аҭҵаарадырратә усзуҩцәа адгылара рыҭара.

Акыр иаԥсоу ҳҵаруаа! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсуа ҭҵаарадырра амшныҳәа!

Ишәзеиӷьасшьоит Ҳаԥсадгьыл аҿиара иазку шәыҭҵаарадырратә усураҿы аихьӡара ҿыцқәа, шәаԥшьгамҭақәа зегьы рҿы ақәҿиара дуқәа шәзыԥшызааит!

Ҽаанбзиала шәнеиааит!

Анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 2026 шықәсазы аҭҵаарадырра аусхк аҟны Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу аҵарауаа аҳаҭыртә дыргақәа риҭеит.

- аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Бигәаа Валери Леуарда-иԥа - амонографиа "Аԥсуара - аԥсуаа рытрадициатә дин" азы;

- ⁠афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Џьапуа Зураб Џьота-иԥа - амонографиа "Нарҭаа ирыхҳәаау аԥсуа епос: аҭҵаамҭеи атекстқәеи" рзы;

- ⁠атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Кимкетов Едуард Маи-иԥеи, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Марколиа Анатоли Иван-иԥеи - амонографиа "Аԥсны иахьаҵанакуа еиҭахацаркхо афымцамч хыҵхырҭақәа рхархәара алҵшәақәа" рзы.

Read 39 times Last modified on Ахәаша, 13 Абҵара 2026 11:19