АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 28 Жьҭаара 2026 15:53

Ахада аустә форум аҿы дықәгылеит

 Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит «Росатом» аус ацура шымҩаԥысуа атрадициақәа рышьаҭала, уи иахьа ахырхарҭа ҿыцқәа амҽханакуа ишалагаз.  Ахада иажәақәа рыла, аусеицура азанааҭтә усхк шыԥкым, уи ауааи ақалақьқәеи еиднакылоит, агуманитартә, акультуратә, арҵаратә еимадарақәа рзы ауасхыр ӷәӷәа шьҭанаҵоит.

Ҷыдала, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аԥсуа қалақьқәа урыстәылатәи атомтә қалақьқәеи аусеицуратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵо: Афон ҿыц — Сосновым Бор, Тҟәарчал — Десногортәи, Гагра — Нововоронеж, Пицунда — Курчатов. Ас еиԥш аиқәшаҳаҭрақәа зегьы рнаҩс, Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡареи, аԥышәа аимдареи, ауаҩытәыҩсатә еимадарақәа рырӷәӷәареи рзы иалкаау алшарақәа ыҟоуп.

Бадра Гәынба ас еиԥш аусеицура практикатә ҿырԥштәуп ҳәа ахиҳәааит Пицунда апансионат «Литфонд» аҟны ҳаамҭазтәи Агәабзиареи аԥшӡареи рцентр аартра. Аконцерн «Росенергоатом» адгылара иабзоураны Аԥсны ауааԥсыра ҳаамҭазтәи амаругақәа рыла акомплекстә медицинатә гәаҭара ахысра азы алшара роуит. 

Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала хшыҩзышьҭра аиҭеит ахәыҷқәеи аҿари рыцхырааразы апроектқәа, иагьазгәеиҭеит афестиваль «Ақәҿиара аҵакыра» ареспублика ауааԥсыра қәыԥшцәа рырҿиаратә лшарақәа раарԥшразы, иара убас ашколхәыҷқәа жәларбжьаратәи аҵаратәи акультуратәи программақәа рылахәхара ҭыԥк аҳасабала иалкааны. 

Ахада иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит аҵареи, агәабзиарахьчареи, аспорти, аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхареи, акультуратә ҭынха адгылареи русхкқәа рыҟны еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рҵакы. 

Бадра Гәынба ҷыдала иҭабуп ҳәа реиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои акорпоративтә функциақәа рзы АЕ «Концерн Урысенергоатом» Адиректор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбер Тҟьебучааи, инаҵшьны иазгәеиҭеит урҭ иҟарҵаз ганрацәала адгыларада, хаҭалатәи ралахәрада зымҽхак ҭбаау аусеицура аҿиара шзалымшоз.

Ахыркәшамҭаз Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Афорум аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы даҽа шьаҿакны ишыҟало, иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҳәынҭкорпорациа «Росатом», аконцерн «Росенергоатом», Афонд «АТР АЕС» рнапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарра азҿлымҳареи аусеицура арӷәӷәаразы имҩаԥырго аусуразы, иара убас афорум алахәцәа ирзеиӷьеишьеит хра злоу аусура, акрызҵазкуа аиҿцәажәарақәа, иазԥхьагәаҭоу апланқәа қәҿиарала рынагӡара.

Read 56 times